Арадио

Агрба Мгәыӡырхәа ӡыла аиқәыршәаразы: сынтәа аусурақәа раӷьырак ҟаҵахап ҳәа ҳгәыӷуеит

Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭа ахада Беслан Агрба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит дара рыбзазашьа атәы.
Sputnik
Агрба Мгәыӡырхәа ӡыла аиқәыршәаразы: сынтәа аусурақәа раӷьырак ҟаҵахап ҳәа ҳгәыӷуеит

"Мгәыӡырхәа инхо излаҳалшо адгьыл аус адаҳулоит, акурортгьы хәыҷык ҳадҳәалоуп. Уаҟа аҭагылазаашьа даара ибзиоуп ҳәа сызҳәом, аха хәыҷы-хәыҷы аԥсшьарҭақәа рыргылара иаҿуп, аусурҭақәагьы роуа иалагеит. Ихадароу проблеманы ақыҭаҟны жәытәгьы-ҿатәгьы иҟоуп ӡыла аиқәыршәара азҵаара. Иахьа ҩнапыкала аусурақәа цоит, аинвестициатә программа ҳалахәуп, ҳгәыӷуеит сынтәа зегьы иахьымӡаргьы, аӷьырак ҟарҵап ҳәа", - иҳәеит Агрба.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: