Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Агрба Мгәыӡырхәа ӡыла аиқәыршәаразы: сынтәа аусурақәа раӷьырак ҟаҵахап ҳәа ҳгәыӷуеит

© Foto / предоставлено Бесланом АгрбаБеслан Агрба
Беслан Агрба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭа ахада Беслан Агрба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит дара рыбзазашьа атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Агрба Мгәыӡырхәаа рыбзазашьа иазкны

"Мгәыӡырхәа инхо излаҳалшо адгьыл аус адаҳулоит, акурортгьы хәыҷык ҳадҳәалоуп. Уаҟа аҭагылазаашьа даара ибзиоуп ҳәа сызҳәом, аха хәыҷы-хәыҷы аԥсшьарҭақәа рыргылара иаҿуп, аусурҭақәагьы роуа иалагеит. Ихадароу проблеманы ақыҭаҟны жәытәгьы-ҿатәгьы иҟоуп ӡыла аиқәыршәара азҵаара. Иахьа ҩнапыкала аусурақәа цоит, аинвестициатә программа ҳалахәуп, ҳгәыӷуеит сынтәа зегьы иахьымӡаргьы, аӷьырак ҟарҵап ҳәа", - иҳәеит Агрба.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0