Очамчыра ахатәы ҩны амца акит

Амцакра ҟалеит ҳәа Очамчыра ақалақь амцарцәара-еиқәырхаратә хәҭахьы аҭел иасит асааҭ 13:14 рзы иахьа, хәажәкыра 20 рзы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 20 – Sputnik. Очамчыра ақалақь Қәычбериа ихьӡ зху амҩаҿы игылоу аҩнеихагыла амца акит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Очамчыра амцарцәара-еиқәырхаратә хәҭахьы аиҳабы Мурман Ԥачлиа.

"Амца арцәара иадԥхьалан амцарцәаратә гәыԥқәа ҩба, машьынак. 15 минуҭ рыҩнуҵҟа амца ырцәан", - иҳәеит иара.

Амца ахы акит аҩны актәи аихагылаҿы. Аԥхасҭа роуит уадақәак, ԥсыҭбара ыҟам ҳәа азгәеиҭеит Мурман Ԥачлиа.

Амцакра зыхҟьаз амзыз макьаназ ишьақәыргылам иҳәеит иара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: