Аҟәа ақалақь аҿы аевкалипт анхарҭаҩны иақәҳаит

© Foto / Дмитрий СчастныйАҟәа ақалақь аҿы аевкалипт анхарҭаҩны иақәҳаит
Аҟәа ақалақь аҿы аевкалипт анхарҭаҩны иақәҳаит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 20 асааҭ 08:30 рзы Аҟәа, Ешба имҩаҿы игылаз аевкалипт хжәан, аҩнеихагылақәа руак иақәҳаит.

АҞӘА, хәажәкыра 20 - Sputnik. Аҟәа, Ешба имҩаҿы игылоу анхарҭаҩны аевкалипт ақәҳаит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҟәеи Аҟәа араиони рҿы амцарцәареиқәырхаратә отриад аиҳабы Ҭемыр Кәыҵниа.

© Foto / Дмитрий СчастныйАҟәа, Ешба имҩаду аҿы аевкалипт каҳаит
Аҟәа ақалақь аҿы аевкалипт анхарҭаҩны иақәҳаит - Sputnik Аҧсны
Аҟәа, Ешба имҩаду аҿы аевкалипт каҳаит

"Аевкалипт жәбаны еихагылоу аҩны иақәҳаит. Уи адагьы амашьынақәа ҩба ԥҽит, урҭ аӡәгьы дырҭатәамызт. Иара убасгьы актәи инаркны аԥшьбатәи аихагылаҟынӡа аԥенџьырқәа ԥҽит", - иҳәеит иара.

© Foto / Дмитрий СчастныйИкаҳаз аевкалипт аҩнеихагыла аԥенџьырқәеи, абалконқәеи, ҩ-машьынаки ԥнаҽит
Аҟәа ақалақь аҿы аевкалипт анхарҭаҩны иақәҳаит - Sputnik Аҧсны
Икаҳаз аевкалипт аҩнеихагыла аԥенџьырқәеи, абалконқәеи, ҩ-машьынаки ԥнаҽит

Уажәазы аҭыԥ аҿы акоммуналтә маҵзурақәа аус руеит аҵла ԥҟаны ақәгаразы. Амҩаду аҿы амашьынақәа рныҟәара аҵла ахькаҳаз иаԥырхагамхеит иҳәеит Ҭемыр Кәыҵниа.

Ажәабжьқәа зегьы
0