Затулин: Урыстәыла Аԥсны ацхыраара анаҭароуп акоронавирус аҿагылараҿы

Аҳәынҭқарратә Дума аратификациа азнауит аиқәшаҳаҭра цҵа, Аԥсны ауааԥсыра хәшәыла реиқәыршәара аҿҳәара 2022 шықәсанӡа инахазарц.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 20 - Sputnik. Урыстәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи руааԥсыра ацхыраара рынаҭароуп акоронавирус аҿагылараҿы иҳәеит Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Константин Затулин Аԥсны ауааԥсыра хәшәыла реиқәыршәара аҿҳәара 2022 шықәсанӡа инахазарц азы Аҳәынҭқарратә Думаҿ аилацәажәарақәа анымҩаԥысуаз.

"Ҳара иахьа Урыстәыла атәылауаа ҳашрыцхрааша ҳаназхәыцуа, иаҳхаҳмыршҭлароуп ҳгәыларатә ҳәынҭқаррақәа рҿы инхо ҳџьынџьуаа – Аԥсны Аҳәынҭқарраҿи Аахыҵ Уаԥстәыла ареспубликаҿи", - иҳәеит Затулин.

Адепутат иара убасгьы далацәажәеит Аԥсны урыстәылатәи агоспиталь аргылара азҵаара. Иҳәеит ари политикатә усны ишиԥхьаӡо.

"Иахьатәи аамҭазы Қырҭтәыла ахымҩаԥгашьа аԥсахит. Уаҟа Аԥсны атәылауаа хәыда-ԥсада ирхәышәтәуеит. Ари зыҟарҵо ауааԥсыра Қырҭтәыла радԥхьаларазоуп. Ҳара уи ҳаҿагылом, аха ҳхатәы лкаақәа ҟаҳҵароуп", - ҳәа азгәеиҭеит Затулин.

Аҳәынҭқарратә Дума аратификациа азнауит аиқәшаҳаҭра цҵа, Аԥсны ауааԥсыра хаз игоу ркатегориақәак хәшәыла реиқәыршәара аҿҳәара 2022 шықәсанӡа инахазарц. Аиқәшаҳаҭрацҵа иазԥхьагәанаҭоит 50 миллион мааҭ.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: