Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара ахаҭарнакцәа Аԥсны иаҭааит

© Foto / МИД РАДаур Кове провел встречу с представителями Всемирной Организации Здравоохранения
Даур Кове провел встречу с представителями Всемирной Организации Здравоохранения  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр хәажәкыра 18 рзы идикылеит Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара ахаҭарнакцәа рделегациа.

АҞӘА, хәажәкыра 18 - Sputnik. Агәабзиарахьчаразы аекспертцәа аԥсуа ҟазауаа абжьагарақәа рырҭоит ҳәа аанацҳауеит адәныҟаполитикатә усбарҭа асаит.

Агәабзиарахьчаҩцәа Аԥсныҟа иааргеит 500 инарзынаԥшуа ахаҭалатә хархәагақәа, 600 литра антисептикқәа, 500 литра абактериақәа ықәзыӡәӡәаауа асапынӡшьар.

Выборы  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны асанепидемстанциа алхрақәа раан ахымҩаԥгашьазы абжьагарақәа ҟанаҵоит

"Ҳара ҳзы акраҵанакуаны иҟоуп акоронавирус аҿагыларазы, аламырҵәаразы ВОЗ ахаҭарнакцәа рабжьагажәақәа. Урҭ абжьгарақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны ауснагӡатәқәа мҩаԥаагалоит", - ҳәа иҳәеит Даур Ақаҩба.

ПРООН ахаҭарнак Луиса Винтон иазгәалҭеит, ари адгылара ООНи USAIDи рмаҵзурақәа рыцхыраарала ишалыршахаз.

"Адунеи аҟны иҟоу аҭагылазаашьа инадҳәаланы акраҵанакуаны иушьар ауеит асеиԥш зыҩаӡара ҳараку аекспертцәеи, иара убасгьы хыԥхьаӡара рацәала амедицинатә хархәагақәеи ахәшәқәеи Аԥсныҟа раагара ахьҳалшаз", - лҳәеит ПРООН ахаҭарнак.

Агәабзиарахьчаратә еиҿкаара аҭагылазаашьа ҷыдақәа разыхиаразы апрограмма акоординатор Васили Есенаманов инаҵшьны иазгәеиҭеит аекспертцәа рҿаԥхьа иус хаданы иқәгылоу акоронавирус аҭыԥ аиур Аԥсны уи ишазыхиоу агәаҭароуп.

Агәабзиарахьчара аекспертцәа ирҳәеит раԥхьа иргыланы амедицинатә усзуҩцәа рыхьчара шхымԥадатәиу уи адагьы ауаа рацәа ахьыҟоу аҭыԥқәа рҽырцәыхьчареи анапыӡәӡәара ахымԥадареи.

Агәабзиарахьчара аекспертцәа ара иҟазаауиет ҩымш. Абри аамҭала иҭырҵаауеит алабораториақәа рҭагылазаашьа, имҩаԥыргоит аиԥыларақәа Агәабзиарахьчара аминистрреи асанитартә-епидемиологиатә станциеи рҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0