Арадио

Какоба ашколхәыҷқәа рыԥсшьарамшқәа рзы: ҳхы ҳақәиҭуп ҳәа рнапқәа еиужьны имтәароуп

Аԥсны Аҵара аминистр Адгәыр Какоба арадио Sputnik ишиашоу ицо аефир аҿы еиҭеиҳәеит акоронавирус иахҟьаны иаԥшьгоу аԥкрақәа ртәы, онлаин-аурокқәа рымҩаԥгара алшара ыҟоу-иҟаму. Адырраҭара аҵыхәтәаны Адгәыр Какоба ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи рахь ааԥхьарагьы ҟаиҵеит.
Sputnik
Какоба ашколхәыҷқәа рыԥсшьарамшқәа рзы: ҳхы ҳақәиҭуп ҳәа рнапқәа еиужьны имтәароуп

Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба идҵала акоронавирус 2О19-nCoV аҿацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аԥҵоуп.

Адҵа инақәыршәаны, аҵаратә усҳәарҭақәа, аспорттәии акәашаратәии секциақәа, Аҳәынҭқарратә университет, Аҟәатәи иаарту аинститут, абжьара-профессионал ҵаратә усҳәарҭақәа рҟны аԥсшьарамшқәа 2020 шықәса хәажәкыра 30 рҟынӡа инахоуп.

Иара убас шәаԥхьар шәылшоит: