Ахадарахьы акандидатцәа рыштабқәа алхрақәа рылҵшәақәа еихыршьалоит

Аԥсны ахадарахьы алхрақәа заанаҵтәи рылҵшәақәа АКХ аҟны ирыларҳәоит алхратә ҭыԥ хадақәа рҟынтәи аԥкаанҵақәа анроулак ашьҭахь.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 22 - Sputnik. Ахадарахьы акандидатцәа рыштабқәа абжьыҭара ашьҭахь рхала абжьқәа реихшьалара иалагеит.

Sputnik акорреспондентцәа урҭ рыштабқәа рҟынтәи аоперативтә информациа еизыргалоит.

Адгәыр Арӡынба иштаб аинформациала, заанаҵтәи адыррақәа рыла, асааҭ 20:00 рызтәи адыррақәа рыла алхыҩцәа рааира иартәеит 75,68%, зынӡа 97 нызқь инареиҳаны ауаа.

Ахадарахьы акандидатцәа рыштабқәа алхрақәа рылҵшәақәа еихыршьалоит

Арӡынба иалхратә штаб аҟны аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп. Жәаҩыла ауаа аштаб аҩнуҵҟа итәаны алхрақәа заанаҵтәи рылҵшәақәа ирзыԥшуп.

Аслан Бжьаниа иштаб аҿы ауаа еизаны иахәаԥшуеит аекран аҟны ицәырҵуа абжьқәа рхыԥхьаӡарақәа.

Аслан Бжьаниа иштаб адыррақәа рыла, асааҭ 21:15 рзы аҭагылазаашьа абас иҟоуп:

Ахадарахьы акандидатцәа рыштабқәа алхрақәа рылҵшәақәа еихыршьалоит
  • Аслан Бжьаниа – 56,87%;
  • Адгәыр Арӡынба – 35,56%;
  • Леонид Ӡаԥшьба – 2,27%;
  • Зегьы ирҿагылоу – 1,14%

Леонид Ӡаԥшьба иштаб аҟны аҭагылазаашьа ҭынчуп, АКХ алҵшәақәа ирзыԥшуп.

Аԥсны атәыла ахада иалхрақәа рымҩаԥысшьа иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьарц шәылшоит Sputnik Аԥсны а-Telegram каналаҿы, иара убас асаит аҟны ицо аонлаин текст аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: