Аԥсны ААР: алхратә ҭыԥқәа рҿы азинеилагарақәа ыҟам

ААР ацентртә аппарат аусзуҩцәа маҵураныҟәара ишьҭуп убасгьы Москвеи Черқьесски иаарту алхратә ҭыԥқәа рҟны ашәарҭадара еиҿыркааларц. Алхратә ҭыԥқәа рҿы ашәарҭадара иахылаԥшуеит 850-ҩык инареиҳаны амилициауаа
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 22 – Sputnik. Аԥсны ахада иалхрақәа раан алхратә ҭыԥқәа рҟны азинеилагарақәа ыҟаны иҳамбеит иҳәеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Раули Смыр, АКХ Жәларбжьаратәи апресс-центр аҟны.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Раули Смыр еиҭеиҳәеит атәылаҿы ахада иалхрақәа ршәарҭадара шеиҿкаау атәы.

Иара иазгәеиҭеит ашәарҭадара ахылаԥшра рнапы ишану 850-ҩык инареиҳаны амилициауаа.

АКХ Аԥсны ахада иалхрақәа шымҩаԥысуа азы раԥхьатәи адыррақәа ҟанаҵеит

Амилициа аусзуҩцәа шьыжьнаҵы рыбжьы аҭаны доусы рҭыԥқәа рҟны руалԥшьа анагӡара иалагеит иҳәеит Смыр.

ААР ахада иажәақәа рыла, ашәарҭадара ахылаԥшра мҩаԥысуеит алхратә ҭыԥ хадақәа 35 ирыҵаркуа алхратә ҭыԥқәа 152 зегьы рҟны.

Раули Смыр инаҵшьны иазгәеиҭеит, азинхьчаҩцәа дҵас ишрымоу алхратә ҭыԥқәа рҟны азинеилагарақәа ралмыршара.

ААР ацентртә аппарат аусзуҩцәа маҵураныҟәара ишьҭуп убасгьы Москвеи Черқьесски иаарту алхратә ҭыԥқәа рҟны ашәарҭадара еиҿыркааларц.

Атәыла амҩадуқәа рҟны апатурль рӷәӷәоуп.

Аԥсны атәыла ахада иалхрақәа рымҩаԥысшьа иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьарц шәылшоит Sputnik Аԥсны а-Telegram каналаҿы, иара убас асаит аҟны ицо аонлаин текст аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: