АҞӘА, хәажәкыра 22 - Sputnik. Аԥсны апрокурор хада ихаҭыԥуаҩ Дамир Кәыҵниа аҳәамҭа ҟаиҵеит атәылауаа ралхратә зинқәа еилагоуп ҳәа информациак шыҟам.
Иара иазгәеиҭеит апрокуратура аҭыԥқәа рҟны аҷаԥшьарақәа шеиҿнакааз.
"Уажәазы аусурақәа цоит. Абжьыҭараан еилагарак ыҟоуп ҳәа дыррак ҳмоуцт", - иҳәеит Кәыҵниа.
Иара убасгьы иҳәеит хәымш рыҩнуҵҟа алхрақәа раан азакәан ақәныҟәара шымҩаԥысуаз азы аинформациа шеидыркылало. Аинформациа ҳасабырбак аҳасаб ала апрокурор хада изынашьҭхоит.
Асааҭ 15:00 рзы атәыла ахада иалхразы рыбжьы арҭахьеит 43,29% алхыҩцәа ҳәа Ацентртә алхратә комиссиа адырра ҟанаҵахьеит.
Аԥсны атәыла ахада иалхрақәа рымҩаԥысшьа иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьарц шәылшоит Sputnik Аԥсны а-Telegram каналаҿы, иара убас асаит аҟны ицо аонлаин текст аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ауаа рааишьа, аҿаршәқәа, акандидатцәа: алхрақәа ирызку аҵыхәтәантәи адыррақәа
Гал аԥхьа игылоуп: Аԥсны ахада иалхрақәа рахь ауаа рааишьа зеиԥшроу