Адгәыр Арӡынба алхыҩцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит

Аԥсны ахада иеиҭалхра мҩаԥысит хәажәкыра 22 рзы. Аԥсны АКХ заанаҵтәи адыррақәа рыла, аԥыжәара иоуит Аслан Бжьаниа (56,5%).
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 24 – Sputnik. Аԥсны ахададарахьы акандидат Адгәыр Арӡынба алхрақәа зхы рылазырхәыз Аԥсны ажәлар зегьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Адгәыр Арӡынба алхрақәа рҟны аиааира згаз Аслан Бжьаниа идиныҳәалеит

"Шәара шәтәылауаҩратә уалԥшьа нашәыгӡеит, шәара шәымшалоуп алхрақәа аҩаӡара ҳарак рыман, иҭынчраны изымҩаԥысыз. Ҳара иаку жәларуп. Ҳара аҽазныкгьы адунеи иаҳарбеит ҳкультура, ҳхаҭара. Ҳәарада ҳара амилаҭтә интересқәа рыхьчара иазырхоу аполитикатә усзура иацаҳҵоит. Аԥсны иқәынхо амилаҭқәа зегьы ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, аманшәалара", - иҳәеит иара.

Аԥсны ахада иеиҭалхра мҩаԥысит хәажәкыра 22 рзы. Аԥсны АКХ заанаҵтәи адыррақәа рыла, аԥыжәара иоуит Аслан Бжьаниа (56,5%), анаҩс дцоит Адгәыр Арӡынба (35,42%), уи ишьҭахь Леонид Ӡаԥшьба (2,22%).

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Иаҵахаз дҟалаӡом: Бжьаниеи Арӡынбеи еидныҳәалеит