Аԥсны ашколқәа рҟны аиагаратә ԥышәарақәа аԥыхуп

Аԥсны аԥкратә усмҩаԥгатәқәа аларҵәоуп акоронавирустә ҿкы аҽацәыхьчара хықәкыс иҟаҵаны, убри аҟнытә ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба иҿыцу аусҩмԥгатәқәа рзы аусдҵа инапы аҵаиҩит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 26 – Sputnik. Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба есышықәсатәи аиагаратә ԥышәарақәа раԥыхразы аусԥҟа инапы аҵаиҩит 4-тәи - 8-тәи, 10-тәи аклассқәа рзы. Абри атәы аанацҳауеит ахада иофициалтә саит.

"Ашколқәа рҿы аԥсшьара аамҭа иахьацҵоу инадҳәаланы, 4-тәи - 8-тәи, 10-тәи аклассқәа рҿы аиагаратә ԥышәарақәа аԥыхзааит", – аҳәоит аусԥҟа.

Хәажәкыра 25 инаркны мшаԥымза 7 рҟынӡа Аԥсны аԥкрақәа аларҵәоуп акоронавирустә ҿкы аҽацәыхьчаразы. Абыржәтәи аамҭазы иҟалом амассатә, акорпоративтә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаара, ачараура. Агәырӷьаратә ныҳәақәа рымҩаԥгарҭа азалқәеи, ақьафурҭақәеи, акаҳуажәырҭақәеи аркуп.

Иара убас иҟалом абаџьдатә хәаахәҭра ахьымҩаԥысуа адәқьанқәеи (диути-фри), ауаажәларратә крыфарҭақәеи, аџьармыкьа хадақәеи, амаҭәа ахьырҭиуа аџьармыкьақәеи русура. Ауаажәларратә транспортгьы аусура аанкылоуп.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети, Аҟәатәи иаарту аинститути, иара убас абжьаратә-профессионалтә ҵараиурҭақәеи рҟны аҵара аанкылоуп мшаԥымза 7 рҟынӡа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: