Ҳажəлари ҳлитературеи рзы игəы-иԥсы ҭихит: Витали Амаршьан игәалашәаразы

Аԥсны Жәлар рпоет, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, "Ахьӡ-аԥша" аорден II аҩаӡара занашьоу Витали Амаршьан иахьа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит. Уи игəалашəара аҳаҭыразы ҳиҿцәажәеит Аԥсны Жəлар рпоет Мушьни Лашəриа.
Sputnik

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭа ииз Аԥсны Жəлар рпоет, "Ахьӡ-аԥша" аорден аҩбатəи аҩаӡара занашьоу, Дырмит Гəлиа ипремиа иаԥсахахьаз Витали Амаршьан ижəлари иԥсадгьыли рыбзиабара иҽаԥсаитəит ҟазарала икалам иҵижьхьаз иҩымҭа хатəрақəа рыла. Аԥсҭазаара аҟыбаӡыба акыр дкыднаҟьан, ԥсабарала илаз абаҩхатəра иабзоураны, хəы змаӡам ирҿиамҭақəа Аԥсны аҭоурых иазынижьит. Аԥсны Жәлар рпоет, академик, "Ахьӡ-аԥша" аорден актәи аҩаӡара занашьоу Мушьни Лашәриа гəыблыла дигəалаиршəоит здунеи зыԥсахыз иҩыза Витали Амаршьан.

Ҳажəлари ҳлитературеи рзы игəы-иԥсы ҭихит: Витали Амаршьан игәалашәаразы

"Ҳажəлар рыԥсҭазаараҿы ҳаԥсуа литература зыԥсоу, иаҵанакуа зхахьы иаазго дарбанзаалакгьы идыруеит, иныруеит ирцəыӡу. Иааха ӷəӷəоуп ҳлитературазы, иааидкыланы ҳмилаҭ культуразы. Иԥсҭазаара далҵит аԥсуа жəлар рсахьажəа азҟаза ду, уи аӡыргаҩ, апатриот, аҵеи лаша, ҳмилаҭ литература ҳаамҭазтəи аклассик, уи ахьӡырҳəага, аӡыргаҩ Витали Амаршьан", - ҳəа азгəеиҭоит Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Таииа-иԥа Лашəриа.

Витали Џьота-иԥа Амаршьан, Џьгьардатəи абжьаратə школ даналга, Аҟəатəи арҵаҩратə институт афилологиатə факультет дҭалеит, анаҩс Максим Горки ихьӡ зху Москватəи алитературатə институт аҿы иҵара иациҵеит, қəҿиаралагьы ихиркəшеит 1979 шықəса рзы.

Ҳажəлари ҳлитературеи рзы игəы-иԥсы ҭихит: Витали Амаршьан игәалашәаразы

"Акыршықəса убраҟа аҵара иҵон, уа иирҳаит адырра ҵаула, иоуит азыҟаҵара ҳаракы. Иҩызцəа, иқəлацəа абаҩхатəра змаз ашəҟəыҩҩцəа ҿарацəа рыбжьара пату иқəын. Ашьҭахь, урыс шəҟəыҩҩы дуны, поет дуны зхы аазырԥшыз Иури Кузнецови иареи еизааигəахеит, рыԥсы еилан. Раԥхьатəи иажəеинраалақəа, иеизгақəа, Витали Амаршьан иаԥҵамҭақəа, ҳаԥсуа литература абаҩхатəра ҟаимаҭ змоу, зылаԥш ҵару, зылаԥш ҭбаау ауаҩԥсы дшаланагалаз аргама иаадырԥшит", - иҳəоит апоет Мушьни Лашəриа.

Витали Амаршьан ирҿиара анырра анаҭон иара дызлыҵыз ижəлар рҟəыӷара, рҿаԥыцтə рҿиамҭқəа, иара убас еицырдыруаз аԥсуа, аурыс классикцəа. Иҩымҭақəа жəпакы еиҭагоуп атəым бызшəақəа рахь.

"Алитературатə процесс инарҭбааны имҩаԥысуа акоуп. Уи арҿиара иалахəуп имаҷҩымкəа, жəаҩыла, шəҩыла ауаа, досу илшо, имчу ала. Аха иҟоуп алитература ахаҭа ҟазҵо, уи аҩаӡара шьақəзыргыло алыԥшаахқəа, иалкаау абаҩхатəрақəа. Витали Амаршьан убарҭ ашəҟəыҩҩцəа, апоетцəа дреиуан ҳаԥсуа литератураҿы. Иреиӷьу ипоезиатə, ипрозатə аԥҵамҭақəа ҳлитература ахара иӡырызгоз ҩымҭақəоуп, убас егьаанхоит, урҭ еиуеиԥшым абызшəақəа рахь еиҭагоуп, иҭоурыхтə роман "Аԥсҳа" инаркны",- ҳəа азгəеиҭеит Лашəриа.

Ашəышықəсақəа иргəылганы иаагоу ҳажəлар рҭоурых ҭҵааны, ахҭысқəа дыргəылаԥшны илиршеит аҭоурыхтə ҵакы змоу аԥҵамҭақəа рыҩра, убри ала ҳмилаҭтə литература арбеиара. Ҳлитератураҿы ахадаратə ҭыԥ ааннакылоит уҳəар алшоит иара иҭоурыхтə роман "Аԥсҳа". Абар уантə иаагоу аҵыԥцəаха:

"Анцəа раԥхьа ауаҩы дшаны адəы данықəиҵа, агəырҩа ахаҳə иалеиҵазаап. Ахаҳə иачҳаит, иачҳаит, аха уаҳа аналымшаӡа, еиҟəнажəазаап, аҵла иалеиҵан иҵнарҩааит, адгьыл иалеиҵан иарҵысит, ахра кыднарбгеит, аҽы ҭоуӷан ашьамхы иалеиҵан иканажьит, аиха арӡыҭит. Шьҭа иабазгари ҳəа дшыҟаз, ауаҩы ианилаиҵа, ицəа иҭаигӡеит, агəырҩа дазымшьит ауаҩы, иҿахəы иҳəоит азы. Ааи, гəышьа, ҳҿахəы, ҳҿахəы, ҳҿахəы ҳҳəалароуп..."

Ҳажəлари ҳлитературеи рзы игəы-иԥсы ҭихит: Витали Амаршьан игәалашәаразы

Ашəҟəыҩҩы хатəра Витали Амаршьан Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьра, аԥсуа жəлар аӡəырҩы реиԥш, ахлымӡаах дҭанаргылеит. Иԥазаҵə Беслан Амаршьан аибашьраҿы дҭахоит иижəшаз аӡыхь ахы ыҵнахаанӡа. Иԥа ихьаа иеиԥшны идикылон жəларык зегьы ргəырҩа цəгьа, ҩнуҵҟала дышбылуаз мчыла иҵəахуа, икалам аашьҭыхны днатəон, абар урҭ ирхылҵуаз ацəаҳəақəа:

"Ахацəа рашəа шырзаҳҳəогьы, иаҳҵəыуоит иҳацəҭахаз аҵеи гəлымҵəахқəа, рсахьақəа ҳабла ихгылоуп, рыбжьы ҳлымҳа иҭаҩуеит. Ҳҵəыуагəышьоит, аха иааира иҟоуп агəырӷьара аамҭагьы, ҳаӷоу дгəыӷырҭадахааит. Ауаҩы, агəырӷьара аасҭа, агəырҩа доуҳала даӡрыжəуеит, дҳаранакуеит ҳазшаз иҿаԥхьа..."

Аԥсны Жəлар рпоет Мушьни Лашəриа иазгəеиҭоит, Витали Амаршьан ипоезиаҿеиԥш, ироманқəа рҿгьы ишилшаз имариамыз Аԥсны амҩа, анысымҩа, иара автор ихаҭа инысымҩа реиҭаҳəара иҳараку ажəала, гəыбылрала, гəырҩала рцəыргара, раарԥшра.

"Аибашьра ашьҭахь иҩымҭақəа зегьы иргəылсны ицон аибашьраҿы иԥазаҵə Беслан Амаршьан фырхаҵарала иҭахара, иҟамзаара ирызку ажəақəа, еихсыӷьра зқəым агəырҩа, аԥа ифырхаҵара, игəымшəара, иԥсадгьыл ихы ақəҵара, уи иацу аб игəырҩа. Ари ҳаԥсуа литератураа уаанӡа иазымдыруаз даҟьақəоуп. Урҭ ԥшьоуп, лаӷырӡыла, шьала икəабоуп, ҳмилаҭ литератураҿгьы иналкаау аҭыԥ ааныркылоит. Ахəҭакахьала, иугəаладыршəоит 20-тəи ашəышықəсазы аурыс поет ду Павел Антокольски, Аҩбатəи Адунеитə еибашьраан иҭахаз иԥа изку апоема "Поэма о сыне", - ҳəа азгəеиҭеит Мушьни Лашəриа.

Анзор Мықәба: Витали Амаршьан ажәа дазҟазоуп

Витали Амаршьан дуаҩ хатəран, дпоет дуун, дпрозаик дуун. Аханатəаахыс ҳлитература аҭоурых угозаргьы, иреиӷьыз ҳаԥсуа шəҟəыҩҩцəа, аклассикцəа дреиуан. Ҳбызшəа ыҟанаҵы, ҳажəлар ыҟанаҵы, иара иажəа, ибжьы наунагӡа Аԥсынра иацуп, ҳауаажəлар ирыцуп.

"Витали Амаршьан хашҭра иқəымкəа даанхоит иахьагьы, уаҵəгьы. Иажəа, иламыс, иуаҩра, иаԥсуара - зегь еизгоуп, убри ауп дҳаразкыз, Урыстəыла ду ахы-аҵыхəа изныкымкəа ибжьы захыҩыз, иҩымҭақəа зықьҩыла аԥхьаҩцəа уаҟагьы изааныркылаз. Араҟа иԥсадгьыл аҿы уи ахаан ԥсра ақəымкəа иаанхароуп, иааилшоз зегьы ҳажəлар рзы иҟаиҵеит, ҳлитературазы иҟаиҵеит, игəы-иԥсы ҭихит, еиҳаз даҽа маҵзурак имамызт, иԥсҭазаара зегьы абри иахҭниҵеит, уахь акрыҟазар далхымзааит, наунагӡа игəалашəара ҳацзааит", - ҳəа азгəеиҭоит Аԥсны Жəлар рпоет Мушьни Таииа-иԥа Лашəриа.

"Ашəышықəсақəа рнаҩс, ҳаԥхьаҟа зны, аԥсыуак дҭынчӡа дыштəоу иҩны,

Игəиҽанӡамкəа ашə аатуеит, аԥша иаанартызшəа ибауеит.

Аха аԥша акəӡам иаазыртуа, са соуп иҩнало усҟан уа.

Изалшом хаҭала сибарцы, избанзар иҩналоит уахь сыԥсы,

Сцəа-сжьы ԥсыргьы, о, мап, бзанҵы, ари адгьыл иқəҵуам са сыԥсы..."