Аԥсны аҩнуҵҟа аҭагылазаашьа ҷыда алагалахоит

Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Апарламент ирыдигалеит аҭагылазаашьа ҷыда алагаларазы аусдҵа атекст. Адепутатцәа адокумент иахьа иҭырҵаараны иҟоуп.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 27 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны аҩнуҵҟа аҭагылазаашьа ҷыда алагалахоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ инапынҵақәа назыгӡо Беслан Кәыҵниа.

"Аҭагылазаашьа ҷыда алагалахар ҟалоит атәыла Аконституциатә закәан инақәыршәаны", - иҳәеит иара.

Кәыҵниа иажәақәа рыла, аҭагылазаашьа ҷыдазы аԥҟара 20 пункт рыла ишьақәгылоуп, урҭ рҟынтәи пунктқәак рыдкылахар ҟалоит.

"Апунктқәа зегь рыдкылара хымԥадаӡам. Апунктқәа хаз-хазы ирылацәажәоит. Акоменданттә сааҭ алагаламхар ҟалоит", - ҳәа азгәеиҭоит Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ инапынҵақәа назыгӡо Беслан Кәыҵниа.

Аҭагылазаашьа ҷыда уаанӡа ирыдыркылахьаз ауснагӡатәқәа ирыцу, ихазырҭәаауа дкылароуп.

Аԥсны иалагалоу егьырҭ аԥкрақәа ртәы шәахәаԥшырц шәылшоит абра>>