АҞӘА, хәажәкыра 27 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны аҩнуҵҟа аҭагылазаашьа ҷыда алагалахоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ инапынҵақәа назыгӡо Беслан Кәыҵниа.
"Аҭагылазаашьа ҷыда алагалахар ҟалоит атәыла Аконституциатә закәан инақәыршәаны", - иҳәеит иара.
Кәыҵниа иажәақәа рыла, аҭагылазаашьа ҷыдазы аԥҟара 20 пункт рыла ишьақәгылоуп, урҭ рҟынтәи пунктқәак рыдкылахар ҟалоит.
"Апунктқәа зегь рыдкылара хымԥадаӡам. Апунктқәа хаз-хазы ирылацәажәоит. Акоменданттә сааҭ алагаламхар ҟалоит", - ҳәа азгәеиҭоит Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ инапынҵақәа назыгӡо Беслан Кәыҵниа.
Аҭагылазаашьа ҷыда уаанӡа ирыдыркылахьаз ауснагӡатәқәа ирыцу, ихазырҭәаауа дкылароуп.
Аԥсны иалагалоу егьырҭ аԥкрақәа ртәы шәахәаԥшырц шәылшоит абра>>