"Атеатри абзиабареи енагь еицын…"

Хәажәкыра 27 атеатр иамшуп. Атеатр уамакала бзиа избоз, зырҿиараҿгьы зегь реиҳа аҽазааигәатәра зылшаз аԥсуа шәҟәыҩҩы, адраматург Шоҭа Ҷкадуа иԥсы ҭазҭгьы иахьа 88 шықәса ихыҵуан. Шәаԥхьарц ишәыдаагалоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа иазлырхиаз аматериал.
Sputnik
"Атеатри абзиабареи енагь еицын…"

Апрозаик, асатирик, адраматург - абас иҟоуп иаазыркьаҿны иаҳҳәозар, атеатртә жанр зегь реиҳа аҽазааигәатәра зылшаз аԥсуа шәҟыҩҩы Шоҭа Ҷкадуа ирҿиаратә нысымҩа. Сызхаану рахьтә дсыздыруам даҽа ԥсыуа шәҟәыҩҩык, иара иеиԥш алитератураҿы зегь реиҳа иуадаҩу адраматургиа ажанр знапаҿы иаазгахьоу. Дыҟам даҽа шәҟәыҩҩык аԥсуа театр абас акырынтә изызхьаԥшхьоу, иахьа уажәраанӡагьы зҩымҭақәа атеатрқәа ррепертуар аҿы ицәырҵуа.

"Атеатри абзиабареи енагь еицын. Атеатр ахь уанцо, инагӡаны иузеилымкаауа гәырӷьара маӡак уамҽханакуеит. Макьана иузаамтыц аԥарда ашьҭахьҟа иузыҵәахуп еиҭаҳәашьа змам ухәыҷра, удура…",- абас иҩуеит атеатр иазикыз аессе аҿы, атеатр иаҿыгәҳәаауаз адраматург Шоҭа Ҷкадуа.

Асовет аамҭазы ашәҟәыҩҩцәа атеатр иамадан, асахьаркыратә еилазаара иалан, убри аҟынтә, урҭ аԥарда анҭыҵтәи аԥсҭазаара ибзианы ирдыруан. Шоҭа Ҷкадуа лассы-лассы атеатраҿ избоз шәҟәыҩҩын. Исахьа ҭысхуазар, аинтеллигентра иҿыҳәҳәы дыҟан, ауаҩы нарҳа, зыԥшреи-зсахьеи мацаралагьы ухызхуаз ауаҩы. Аинтеллигент анаҳҳәо, хымԥада адәахьтәи асахьа акәым ҳзызхәыцуа, ҳзыхцәажәо ашәҟәыҩҩы, зҟазара ҳаракыз, зсастиратә, драматә ҩымҭақәа рыла аҳра зуаз асистема иаҿагылоз иакәын, аха иҩымҭақәа рҿы шаҟа иҽиҟьоз аҟара, аԥсҭазаараҿы дҭынчын, даамысҭашәан.

"Атеатри абзиабареи енагь еицын…"

Шоҭа Еугьан-иԥа Ҷкадуа ахӡыргара иашьҭаз иакәмызт "сара, сара, сара" ҳәа зхы иахыҽхәозгьы дрыламызт. Иҟазара заҟа иҳаракыз аҟара, ихаҭара ԥхьеикуан, иҽцәыригомызт.

"Лиҭ делегатс иӡбахә рҳәеит. Шьоукгьы иџьаршьеит. - Ицхраада уара? - рҳәеит. -Лиҭ уа еиликаауа иҟоузеи? - рҳәеит",- абас иалагоит, ҵара змамыз, аха изыҵгәаны иахьиҭыԥмыз депутатра ирышьҭыз ауаҩы изку "Лиҭ иблокнот" захьӡу, адиалогқәа злаԥсоу Шоҭа Ҷкадуа иажәабжь кьаҿ. Заҟа иактуалтәузеи иҳәап аԥхьаҩ, ҳаамҭазы депутатс инанагахьоу ԥыҭҩык илаԥш аархигар. Иагьџьашьахәуп, асовет цензура Ҷкадуа исатирақәа ркьыԥхьра иахьақәшаҳаҭхоз. Абри ажәабжь кьаҿ саԥхьон 1981 шықәсазы атеатртә институт санҭалоз. Усҟан раԥхьатәи аԥышәарақәа Аҟәа аԥсуа театраҿ иаҳҭиуан, Қарҭынтәи абитуриентцәа ралԥшааразы иааз акомиссиа адраматург Ҷкадуагьы даларҵеит атеатр администрациа. Ари ажәабжь цәгьа исгәарԥханы саԥхьон, акыр иактуалтәын, акыр иманшәалан актиортә ҟазара акомиссиа рҿаԥхьа аӡыргаразы. Аԥышәарақәа анхыркәшаха сыԥхашьаны зааигәа сзымнеиз ашәҟәыҩҩы ихаҭа снеиԥхьан иҩымҭа ахьалысхыз дшеигәырӷьаз сеиҳәеит. Абас ҳаибадырит, сқыҭа иалҵыз, аха хаҭала исымбацыз ашәҟәыҩҩи сареи.

"Атеатри абзиабареи енагь еицын…"

Ашкол аҿы адраматә кружок аҿы Ҷкадуа иҩымҭақәа рыда ԥсыхәа ыҟамызт, урҭ ракәын изылшоз ахәаԥшҩы дзырлахҿыхуаз, аха дзырхәыцуаз атемақәа рцәыргара. Иахьагьы сыбла ихгылоуп "Асатира, астира" ҳәа зынпыҟҟала нбан еиҵәала изныз асатирик ишәҟәы ҳаҩны абиблиотекаҿы иахьықәгылаз. Шоҭа Ҷкадуа ашколхәыҷқәа ихаҭа дрымбацзаргьы, аминиатиурақәа ртеатр "Чарирама" ала дыззымдыруаз дыҟамызт. Аԥсны ахыи-аҵыхәеи зегьы ирылсны уи атеатр ашәҟәыҩҩы шьахә иҩымҭақәа рыла аамҭа аҿахәы аҳәон.

"Атеатри абзиабареи енагь еицын…"

Уажәшьҭа сазааирц сҭахуп, ашәҟәыҩҩы иԥсы изалымхуаз атеатр азы ишаԥиҵахьаз зеиԥшыҟам акомедиақәа, урҭ иреиуоуп "Ҳауа идагәада?". 1958 шықәсазы адраматург икомедиа қәҿиарала аԥсуа театраҿ иқәиргылеит арежиссиор Азиз Агрба, анаҩсан уи акомедиа 1964 шықәсазы Москва "Ар ртеатр" аҿы иқәдыргылеит "Жьулиеи Мажьулиеи" ҳәа хьӡыс иаманы, уи ашьҭахь Асовет Еидгыла жәлар ртеатрқәа рҿы 46 рҟынӡа премиера зқәашьхаз комедиахеит. Адраматург ибзазаратә комедиа ала иааирԥшуан амилаҭкәа зегь ирзеиԥшыз азҵаатәқәа, ақыҭаҟынтә ақалақь ахь зымҩа ылызхуаз аҿар ирԥылоз ауадаҩарақәеи, арыцҳарақәеи комедиатә бызшәала асахьа ҭихуан, иара убри азоуп амилаҭқәа зегьы изырзааигәазгьы.

"Атеатри абзиабареи енагь еицын…"

Раԥхьаӡа алитеаратураҿы Ҷкадуа апоет иаҳасабала дцәырҵзаргьы, нас иара изаатуеит иитәыҵәҟьаз ажәабжьқәеи, асатиреи аиумори, иара убас зегь реиҳа ихадаз адраматургиеи. Ашәҟәыҩҩы иԥсҭазаара зегьы атеатр аиԥхыӡра иазырхазар акәхарын, избанзар ирҿиамҭақәа рҿы адиалогқәа аԥыжәара ргон, аицәажәарақәа рыла ахаҿқәа раԥҵара, нас урҭ асценаҿы рцәырҵра - абри дазыԥшын иара еснагь. "Ауаа ҩналоит азал, рҭыԥқәа рыԥшаауеит, итәоит. Еибадыруа аԥсшәа еибырҳәоит, зегь ргәалаҟара бзиоуп, избан акәзар ари Театруп, ара ҳауас иҟоу романтикоуп",- абас иҳараку, ихырку бызшәалоуп ашәҟәыҩҩы атеатр шааирԥшуа.

"Атеатри абзиабареи енагь еицын…"

Аԥсуа театр аҭоурыхаҿ шамаха дуԥылом ԥсыуа режиссиорк адраматург ипиесақәа ирызхьамԥшыц. "Ҳауа идагәада" акәзар Дмитри Кәартаа, Шьалуа Гыцба, Мадина Аргәынԥҳа уҳәа аӡәгьы даҩымсит. Иҟоуп иара убас даҽа комедиак, иахьа уажәраанӡа ахәаԥшцәа зҭаауа. "Акьанџьа" абас ахьӡын арежиссиор Дмитри Кәартаа 1981 шықәсазы аԥсуа театраҿ иқәиргылаз Шоҭа Еугьан-иԥа икомедиа. Иахьеиԥш исгәалашәоит, уи акомеиа анцоз азал кәапеишәа ишҭәыз. Анапеинҟьабжьқәа, аччабжь ҩныҩуан усҟан атеатр.

Апиеса "Ҳаԥсыуаауп, Ҳаԥсыуаа" ала аҿар ртеатр асезон ҿыц аанартит

Ари абзазаратә комедиа инамыцхәны зыҷқәын ихӡыӡаауа ан уи илахьынҵа анырра шалҭоз иазкуп. Ан Кафа лроль ҟаимаҭла иналыгӡон актриса Софа Агәмаа, уи лыҷкәын Ардонбеи ироль дыхәмаруан Амиран Ҭаниа. "Аҭаца дысҭахуп! Амаҭацәа сҭахуп! Сара сықәлацәа зегь амаҭацәа рымоуп",- адҵа наилҭоит Кафа лыҷқәын, аха иара убри аамҭаз, Ардонбеи бзиа иибоз аурыс ҭыԥҳа лашҭа данааҭалалк днахыԥсаарашәа ҟаҵаны даалырбуам, уи ашьҭахь лашҭа иҭалаз аҩбатәи аҭацагьы даамырбыкәа дышнеиуаз, лҭыԥ дықәзыртәаша аԥсуа ҭаца Бача лашҭа дааҭалоит. Адрамтург даҿагылоит ауаҩы иразҟы аԥырхагахара, ахшара амцыхә рыԥсҭазаара алалара, рхыбаара. Аԥсуа хәаԥшҩы акыр бзиа ибоит акомеда, ҳтеатрқәа акомедиа ианазхьаԥшуа, азал ахьҭәу уи шьақәнарӷәӷәоит. Шоҭа Ҷкадуа иакәзар, иныруан ахәаԥшҩы дзырҭаслымша алахҿыхратә мҩала, абзарараҿ иуԥыло атемақәа раартышьа. Заҟа шықәса ҵхьоузеи, аха Ҷкадуа и-Кьанџьа актуалра шамац иамоуп. Иахьа уи еиҭашьақәыргыланы ахәаԥшцәа ирыдылгалеит Аԥсны жәлар ратистка Софа Агәмааԥха. "Акьанџьа" Аԥсны аҿар ртеатр арепертуар иалоуп "Ҳаԥсыуаауп, ҳаԥсыуаа" ҳәа хьӡыс иаманы. Иахьагьы ари акомедиа ахәаԥшҩы дагӡам, иахьагьы зыҷкәынцәа рразҟы ачаԥара иашьҭоу анацәа рыпроблема аԥсҭазаара ианыхым. Иахьагьы уаҟа ароль хада, Кафа-ҭацафа налыгӡоит Софа Агәмааԥҳа. Ус акәзар, адраматург иҩымҭа ԥсра ақәӡам.

"Атеатри абзиабареи енагь еицын…"

Шоҭа Еугьан-иԥа Ҷкадуа икалам иҵихит "Алоу дгәаауеит", "Амараҳә" "Акьанџьа", "Ҳауа идагәада?" ухәа зеиӷьыҟам апиесақәа. Ипиесахаҭоу атеатр еснагь иазхьаԥшуеит, убри азоуп ҳаамҭазтәи арежиссиорцәа аамҭа-аамҭала Шоҭа Ҷкадуа иҩымҭақәа зышьҭырхуа. Ашәҟәыҩҩы ихьааигон аибашьра ашьҭахь аԥсуа театр иамаз акризис, актиорцәа атеатр анҭыҵ рынхара, адраматургиа аҿиара ахьацәмаҷхаз: "Атеатр ахьалаго асценаҿ акәӡам, Адраматурги Арежиссиори ргәаҿы! Аха урҭ еицәыхарахеит иахьа…",- икалам иҵыҵуан иара гәынқьыбжьҵас. Шоҭа Ҷкадуа идунеи иԥсахит 71 шықәса дшырҭагылаз 2003 шықәсазы. Дцеит ашәҟәыҩҩы атеар ахьаа шихьааз, атеатр бзиа дшеиԥхыӡуаз: "Сгәы сыхьуеит атеатр саназхәыцуа. Ҳартистцәа дуқәа ажәит, иахыӡааит, иаанхазгьы гәырҩала иҭәуп", - шиҳәоз.

Сатирала асистема иеихсуаз ашәҟәыҩҩы иахьа дҳавагылазҭгьы ихыҵуан 88 шықәса.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: