"Хьаак ҟашәымҵан": Агәабзиарахьчара аминистрра аҭелтә еимадара ҷыда аус шауа

Sputnik акорреспондент аҭел дасит Агәабзиарахьчара аминистрреи Аԥсны Аҳәынҭстандарти рҟны аус зуа аномер ҷыдақәа рахь актуалтә зҵаарақәа рҭак аиуразы.
Sputnik

Жәамш ирықәуп аминистрра ари аҭелтә цәаҳәа аусура хацнаркижьҭеи ареспублика аҩныҵҟа аҭагылазаашьазы аинформациа наӡа ауааԥсыра рыҭаразы. Хәажәкыра 26 раахыс дара ацхыраара рырҭоит аволонтиорцәа.

Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа, Sputnik.

Ҳара иҳаӡбеит аминистрра иаԥнаҵаз ацәаҳәа аусушьа зеԥшроу аилкаара. Ашьыжь, асааҭ 10:00 рзы иарбаз аномерқәа хәба рҟынтәи акы ахь асра ҳалшеит, егьырҭ аномерқәа ҭацәымызт.

Атрубка шьҭызхыз акоронавирус асимптомқәа ирызкыз азҵаара аҭакс иҳәеит аҳақьым иахь ишыдҵаалатәу аимҳәа, ашоура ҳаракы, ахәдахьаа умазар, уԥынҵа аауазар.

"Асимптомқәа ицәаакым аимҳәала иалагозар, ашоура амш аҩныҵҟа 37-39 рҟынӡа ихалозар уацәымшәаргьы ауеит, аха абарҭ ирыцлар амгәаҩныҵҟатә хьаа, ацәеижь еиҵасра – аҳақьым иахь инеитәуп", - иҳәеит иара.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит аҳақьым аҩныҟа инаԥхьара макьаназ ишалымшо, аха "Ацхыраара ласы" уаԥхьар шыҟало, еиҳагьы ишеиӷьу иаразнакы аҿктәы хәышәтәырҭахь ишнеитәу.

Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыда аларгалоит хәажәкыра 28 инаркны

Аҟазауаҩ ҭелла исеиҳәеит аинфекциа аҭыԥ амазар, укәша-мыкәша иҟоу зегьы шгәаҭатәу.

"Иаарласны амашьына ҳарҭараны ҳаҟоуп. Усҟан аҳақьымцәа неины аҭаацәа зегь ҭырҵаауеит. Урҭ авирус рымамзаргьы, 14 мшы акарантин рыҭатәуп", - ҳәа иҳәеит иара.

"Акоронавирус аарԥшразы атестқәа ҳамоума? " - ҳәа сызҵаара аҭк ҟаиҵеит абас:

"500 тест ҳамоуп, Урыстәылантәи аҽа 600 тест ҳарзыԥшуп. Хьаас акгьы ҟашәымҵан" ҳәа.

Аоператор акоронавирус сымазар хәышәтәышьас исымоу аҭак изыҟмаҵеит.

"Хара имгакәа Урыстәыла хәшәыла ҳаиқәнаршәароуп. Акоронавирус уалзыргаҵәҟьо ҳәа макьана хәшәы ыҟам аха, ацхыраара узҭақәо рацәоуп", - ҳәа иҳәеит иара.

Амедицинатә ҿаршәқәеи антисептикқәеи абааухәо ҳәа саниазҵаа аҟазауаҩ иҳәеит аԥҭекақәа рҿы урҭ уажәы ишыҟам.

Иҟоу аҭагылазаашьа рхы иархәаны аламыс зыцәмаҷу наплакыҩцәак афатәаалыҵи ахәшәқәеи рыхәԥса шьҭырхит. Ари аус ашьклаԥшра арҭоит Аҳәынҭстандарт аусзуҩцәа. Дара рахьгьы аҭел уасыр ҟалоит асеиԥш аҭыԥ змоу аҭагылазаашьақәа ртәы роуҳәарц азы.

Аҳәынҭстандарт ахь санас иаразнакы аҭак сырҭеит. Уа аус зуаз аҭыԥҳа – адиспетчер илҳәеит шьыжьнаҵы ауаа аҭел ишасуа адәқьанқәеи аԥтекақәеи рҟны ахәԥсақәа шьҭырхзар адырра шрырҭо.

Нас, урҭ адыррақәа ирықәныҟәаны аинспекторцәа агәаҭарақәа мҩаԥыргоит.