Аҳәынҭстандарт аҿы "ашшыԥхьыӡ еимадара" аԥырҵеит

CC0 / / Телефон
Телефон - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уахыки-ҽнаки рыбжьара Аԥсны аҳәынҭстандарт ахь аҭел иасит 20-ҩык инарзынаԥшуа ауаа атауарқәа рыхә ишацырҵаз атәы рҳәарц.

АҞӘА, хәажәкыра 27 – Sputnik, Бадри Есиава. Атәыла аҩныҵҟа ахархәаҩцәа ахәԥсақәа шыҳараку азы адырра ахьыҟарҵаша аҭел аномер аԥнаҵеит астандартқәеи, аенергетикеи атехникатә хылаԥшреи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит аилаки ауаажәлари реимадаразы аспецалист Саида Аршԥҳа.

Аҭел аномерқәа: +7940 777 54 58, +7940 999 54 58.

Рукопожатие деловых людей - Sputnik Аҧсны
Авирус аҿагылара хықәкыс иҟаҵаны Аԥсны амалуаа афонд аԥырҵоит

"Иацы арҭ аномерқәа рыла ауааԥсыра аҭел иаҳзасуан. Адырра ҳарҭон зыда ԥсыхәа ыҟам атауарқәа, ахәшәқәа уҳәа рыхәԥса шышьҭыҵыз. Ҳара ҳинспекторцәа уи иаразнакы азхьаԥшра арҭон", - ҳәа лҳәеит лара.

Уахыки-ҽнаки рыбжьара Аԥсны аҳәынҭстандарт ахь аҭел иасит 20-ҩык инарзынаԥшуа ауаа атауарқәа рыхә ишацырҵаз атәы рҳәарц.

Аршԥҳа ҿырԥшыс иаалгеит аԥҭекак аҿы 15 мааҭ иаԥсаз ахәшә 80 мааҭ ҳәа аҭира ишалагаз, акартош – уаанӡа 30 мааҭ иаԥсаз, 65 мааҭ ҳәа аҭира ишалагаз.

Аршԥҳа илҳәеит Аҳәынҭстандарти аекономикатә шәарҭадаразы Аусбарҭеи русеицура шхацыркхо хәажәкыра 26 рынахыс.

"Иҟоу аҭагылазаашьа иахьырԥшны ашшыԥхьыӡқәа рыдкылара ҳармариеит. Уаанӡа ҩыратә формала еиҿкааны акәзар ишҳадаҳкылоз, уажәы аҭел уасыр, ма WatsApp ахь иаҳзыуҩыр ҟалоит", - лҳәеит Аршԥҳа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0