Агәабзиарахьчара аминистрра иаку аимадаратә центр аусура иалагеит

Агәабзиарахьчарра аминистрра иаку аимадаратә центр аномер ахь уасны акоронавирустә ҿкы COVID-19 аҽацәыхьчареи ахәышәтәреи иазку аинформациа аҳақьымцәа рҟынтә иуоурц улшоит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 28 – Sputnik. Агәабзиарахьчарра амнистрра аимадаратә центр иатәу, иаку аканалрацәа змоу аномер 0303 аусура иалагеит ҳәа адырра ҟарҵеит Агәабзиарахьчареи асоциаалтә еиқәыршәареи рминистрра апресс-маҵзураҿы.

"Хьаак ҟашәымҵан": Агәабзиарахьчара аминистрра аҭелтә еимадара ҷыда аус шауа

Амобилтә операторқәа "А-Мобаил", AQUAFON рыцхыраарала аминистрра хәыда-ԥсада аусура иаланаргеит аканалрацәа змоу, иаку аномер – 0303, Агәабзиарахьчара аминистрра аиамадара ҷыда аномерқәа рахь асразы.

Ақалақьтә ҭелқәа рҟынтә иасуа абонентцәа рзы аус аулоит аканалрацәа змоу аномер +7 940 789 03 03.

Ахәаша, хәажәкыра 27 рзы аусура иалагеит Агәабзиарахьчара аминистрра иаку аимадаратә центр, иарбоу аномер ахь уасыр ҟалоит Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтә. Аҭел шьҭырхуеит зусдырра ҳараку амедикцәа, аҿкы иазку иарбанзаалак аинформациа аҭара зылшо.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: