Иаҭахны иҟалозар: Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа акарантин аан

Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа акоронавирустә ҿкы COVID-19 зыхьуа рзы ирезервтәу госпитальхоит ҳәа адырра ҟаҵан хәажәкыра 26 рзы.
Sputnik

Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭаҿы акарантин рылаҳәоуп. Зынӡа згәабзиара уашәшәыроу рыда уаҩ дрыдыркылом, дара урҭгьы раԥхьатәи ацхыраара анрырҭалак ашьҭахь гагратәи, ма аҟәатәи ахәышәтәырҭақәа рахь идәықәырҵоит. Есҽны Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы аус руеит жәаҩык аҳақьымцәа, аинфекциатә ҟәшаҿы иҷаԥшьо налаҵаны. Реиҳараҩык ахәышәтәырҭа аанрыжьуам, руалԥшьа нарыгӡоит.

Ачымазара ҿкы акоронавирус зыхьыз ҳәа гәҩара зызрымаз апациентцәа ҩыџьа ыҟан, аха ртест-системақәа ишьақәыдмырӷәӷәеит ари авирус рылоуп ҳәа.

Аҳақьым Ииа Берзениаԥҳа лажәақәа рыла, ахәышәтәырҭа еиқәыршәоуп асабрадақәеи, арезинатә напхазқәеи, арыцқьагатә маҭәашьарқәеи рыла.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: