Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа апациент изы ауҳәан-сҳәан аҿаԥырҽуеит

© Фото : Рада АжибаГудаутская больница
Гудаутская больница - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 28 рзы Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭаҟынтәи Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭахь днаган агәыҵәкра имоуп ҳәа адиагноз ззықәыргылаз ауаҩы.

АҞӘА, хәажәкыра 30 - Sputnik. Хәажәкыра 28 рзы Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭаҟынтәи Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭахь инагаз апациент акоронавирус имам ҳәа аанацҳауеит COVID-19 аҟынтәи аҽыхьчаразы иаԥҵоу Аусбарҭабжьаратә оперативтә штаб.

Уаанӡа аштаб аҿы иазгәарҭахьан апациент игәабзиара инагӡаны ишыҭҵаахалак алҵшәақәа АИХ рыла ирылаҳәахоит ҳәа.

Иара убасгьы аилкаара аҭан Гагратәи ареспубликатә реабилитациатә центр адыркуеит ҳәа иҟоу ацәажәара.

"Гагра Ареспубликатә реабилитациатә центр (КБРЦ) аҟны аперсонал ахәышәтәырҭа аанрыжьит ҳәа иҟоу ацәажәарақәа иашам", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аоперштаб адыррала, амедицинатә усҳәарҭаҿ аус зуа зықәра нхыҳәҳәахьоу аусуҩцәа аушьҭуп, егьырҭ аусуҩцәа зегьы рҭыԥқәа рҿы иҟоуп.

Иара убасгьы иазгәаҭоуп абри ахәышәтәырҭахь акоронавирус змоу ауаа наргалоит ҳәа ирҳәо аганахьала макьаназы иарбанзаалак усдҵак ыҟам ҳәа.

Аԥсны акоронавирустә инфекциа аҽацәыхьчаразы иҟоу аҭагылазаашьа атәы шәаԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0