Агәабзиарахьчара аминистрра иаанахәо арыцкьагақәа рыхәԥса анаплакыҩцәа иршәоит

Аԥхьаӡамҭа ҷыда аартуп Аԥсны Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрразы. Еизгоу аԥарақәа Аусбарҭабжьаратә штаб аӡбрала акоронавирус аҿагыларазы иаҭаххо аусмҩаԥгатәқәа рахь идырхоит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 30– Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра иаанахәараны иҟоу адизинфекциатә хархәагақәа рыхәԥса хәажәкыра 31 рзы ишәахоит ареспублика анаплакыҩцәа еизыргаз аԥарақәа рҟынтәи ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аусбарҭабжьаратә оперативтә штаб ахаҭарнак Борис Барцыц.

Аԥсны абизнесуаа акоронавирус аҿагыларазы 12 миллион мааҭ еизыргеит

Иара иҳәеит хәажәкыра 30 рзы 15 миллиони 950 нызқьмааҭ шеизыргахьо. Арҭ аԥарақәа Аԥсны Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра аԥхьаӡамҭа ҷыдахь инашьҭуп.

"Макьаназ аԥхьаӡамҭахь аԥара назышьҭхьо аиҿкаарақәа ааба роуп. Ҳара иаҳуалуп аԥарақәа ишахәҭоу еиԥш рхархәара. Абри аан Аиҳабырабжьаратә штаб азыҳәақәа ҳрықәныҟәоит. Уаҵәы 850 000 мааҭ ахшәаахоит адезинфекциатә хархәага апартиа, Аԥсны АҶА аҳәааҿи ауаа рацәа ахьеизало аҭыԥқәа рҿи адезинфекциа мҩаԥыргаларц", - ҳәа азгәеиҭеит Барцыц.

Хәажәкыра 26 рзы анаплакыҩцәа Валери Бганба иԥылеит, иалацәажәеит Аԥсны акоронавирустә инфекциа COVID-2019 аҿагылара азҵаарақәа.

Аиԥылара алахәылацәа азааит русураҿы Агәабзиарахьчара аминистрреи дареи реинырра шхымԥадатәиу.

Абри ашьҭахь анаплакыҩцәа раԥшьгаратә гәыԥ иаԥырҵеит аԥарақәа риагашьа аилкаара ахьалшо аплатформа "Ҳара ҳаидгылоуп".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: