Аԥсны иҟоу аурыс уаԥшь акоронавирус аҿагылараҟны ацхыраара ҟанаҵоит

© Sputnik / Евгений Епанчинцев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсны иҟоу аурыс уаԥшь акоронавирус аҿагылараҟны ацхыраара ҟанаҵоит
Аԥсны иҟоу аурыс уаԥшь акоронавирус аҿагылараҟны ацхыраара ҟанаҵоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 28 инаркны мшаԥы 20 рҟынӡа акоронавирус аҿаԥхьа шәарҭара иҟоу азы Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыда алагалоуп. Иаркуп аҳәаақәа, аус руам аџьармыкьақәа, акаҳуажәырҭақәа, ақьафурҭақәа, ауаажәларратә транспорт.

АҞӘА, хәажәкыра 30 - Sputnik. Ауаажәларратә еидгыла "Аԥсны иҟоу аурысцәа руаԥшь" акоронавирус аҿагыларазы ацхыраара аҟаҵара иалагоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аиҿкаара ахантәаҩы Роман Риазанцев.

"Ҳара ҳәарада агәҭынчымра ҳамоуп, ҳаидгыла алшарақәа зегьы азеиԥш шәарҭара иазҳархоит. Раԥхьа иргыланы аинформациатәқәа – Урыстәыла еиуеиԥшым аиҿкаарақәа рахь ацхыраразы азыҳәақәа наҳашьҭлоит", - иҳәеит иара.

Роман Риазанцев иазгәеиҭеит аиҿкаара Урыстәыла атәылауаа, абизнесуаа, агәыҳалалратә фондқәа рахь ареспублика адгылара арҭаразы ааԥхьара шыҟанаҵо.

Еизгахо аԥарақәа акоронавирус аламырҵәаразы ауснагӡатәқәа ирзырхахоит, ахәҭак аџьынџьуаа рсоциалтә цхыраара иазырхахоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0