Москватәи адиаспора амедикаментқәа аанахәеит ареспублика ауааԥсыра рзы

Москватәи адиаспора рыдагьы акоронавирус аҿагыларазы ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит аԥсуа бизнесуаа, иара убас "Аԥсны иҟоу урыстәылатәи ауаԥшь", агәыҳалалратә фонд "Кьараз".
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 31 - Sputnik. Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрразы иаахәоуп ахәшәқәа раԥхьатәи рпартиа. Абри атәы аанацҳауеит Москватәи аԥсуа диаспора асаит.

COVID-19 аҿагыларазы: Москватәи аԥсуа диаспора ацхыраара ҟарҵоит

Москватәи аԥсуа диаспора аԥхьаӡамҭахь иахырыԥхьаӡалахьеит 5 миллионки 498 нызқьмааҭ. Урҭ рҟынтәи хә-миллионк алеигалеит адиаспора ахантәаҩы Беслан Агрба.

"Иаахәоуп амедицинатә хархәагақәа (арециркулиаторқәа, апульсоксиометрқәа, ареспиратортә сабрадақәа, арыԥҳақәа аҳауарҭарсга аппаратқәа 2) 520 нызқьмааҭ рыхә", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Уи адагьы иазгәаҭоуп аҿаҵа шыҟаҵоу асабрадақәа, акомбинезонқәа, ахьчаратә бласаркьақәа, атермометрқәа, ареспиратортә сабрадақәа, аекспресс-тестқәа раахәаразы.

"Ари актәи апартиоуп. Асиа акыр еиҳауп. Асиаз Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрреи ҳареи ҳаилацәажәаны ҳақәныҟәоит. Аминистрра аԥхьаӡамҭахь алагалақәа рыҟаҵара илшоит дарбанызаалак", - ҳәа азгәаҭоуп адиаспора рсаит аҿы.

Аԥарақәа рахыԥхьаӡара ахьалшо ареквизитқәа хара имгакәа икьыԥхьхоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: