Аминистрцәа реилазаара ихымԥадатәу атауарқәа раагаратә баџь рықәнахит лаҵарамза 1-нӡа

Ихымԥадатәу атауарқәа рахь иаҵанакуеит зыда ԥсыхәа ыҟам афатә аалыҵқәеи, иара убас ахәшәқәеи ахыхьчагатә маҭәашьарқәеи.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥымза 1 – Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба инапы аҵаиҩит ихымԥадатәу атауарқәа – раԥхьаӡа иргыланы иуҭаххо афатәқәеи ахәшәқәеи раагаратә ҳазалхратә баџь рықәхразы ақәҵара.

Абри ақәҵара кьыԥхьуп атәыла Аминистрцәа реилазаара асаит аҟны.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Аԥсны акоменданттә сааҭ алагалазарц ахәҭаны ибоит

"Аагаратә ҳазалхратә баџь рықәхзааит мшаԥымза 1 инаркны лаҵарамза 1 аҟынӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәаа ахыгараан абарҭ ихымԥадатәу атауарқәа", – ҳәа аҳәоит ақәҵара атекст.

Адокумент инақәыршәаны, ауаҩы изы ихадароу афатәқәа рахь иаҵанакуеит: акәац, аԥсыӡ, акәтаӷь, акартош, аџьымшьы, аџыш, ахәылрҳәы, аҷых, аҷархал, аҟәыд, агәырҟәыд, ачаи, аԥрынџь, азеҭ, ашьақар, аҵәырса злам амажәа аалыҵқәа, ача, аџьыкахыш.

Аагаратә баџь зықәхыз зда ԥсыхәа ыҟам амедикаментқәа рахь иаҵанакуеит: ахәшәқәа, адезинфекциатә маҭәашьарқәа, абахилқәа, амедицинатә маҭәа, аԥҟагатә напхазқәа.

Инарҭбааны асиа ҭуҵаар ҟалоит Аминистрцәа реилазаара асаит аҟны.

Акоронавирус иадҳәалоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>