Аԥсны ахада иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысраны иҟоуп мшаԥы 23 рзы

Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба аилатәара мҩаԥигеит ҿыц иалху ахада Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара аиҿкааразы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 3 - Sputnik. Ҿыц иалху ахада Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысраны иҟоуп мшаԥы 23 рзы ахада Иусбарҭа азал маҷ аҿы ҳәа аанацҳауеит ахада исаит.

Акоронавирус ацәшәара шыҟоугьы, аҭагылазаашьа ҷыда шалагалоугьы, аҭоубашьҭаҵара аиҿкаара напаркуп Аԥсны Аконституциа анормақәа инарықәыршәаны.

Ишьақәырӷәӷәоуп ацеремониа апрограмма.

Аусутә еиԥылара иалахәын Аиҿкааратә еилакы алахәылацәа: Аминистрцәа реилазаара аппарат, Акультура аминистрра, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра рнапхгара, Атәылахьчара аминистр, ахада Иусбарҭа, Апарламент аппарат рхаҭарнакцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: