Аоперативтә штаб адырра ҟанаҵоит ахәышәтәырҭахь анеира анхымԥадатәиу азы

Мчыбжьык инахыҳәҳәоит Аԥсны аҩнуҵҟа аҭагылазаашьа ҷыда арежим алагалоуижьҭеи. Акоронавирус аламырҵәаразы аоперативтә штаб COVID-19 иазку аҭагылазаашьазы ауааԥсыра адырра рнаҭоит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 6 - Sputnik. Ауаҩԥсы ишоура 38,5 градус ианеиҳаха, аԥсыԥ лагаҩагара аницәыуадаҩха, уи аԥхьа авируси акарантини ахьыҟоу аҭыԥ аҟынтәи иаази иареи еинырзар, акоронавирус имазар ҟалоит ҳәа ахәышәтәырҭаҿы дышьҭаҵатәуп иҳәоит аҳақьым-онколог, акоронавирус COVID-19 аламырҵәаразы аоперативтә штаб алахәыла Баҭал Кациа.

Еилкаахеит амҵқәеи акәыбрқәеи аҿкы еиҭагаҩыс ишыҟам

Ахьҭалаларатә ҟазшьа уманы ухы анубо хымԥада аҽыԥхьакра аҭахуп, аҳақьымцәа ирыдҵаалатәуп ҳәа иҳәоит иара.

"Шәықәра 65 шықәса еиҳазар, еиуеиԥшым ачымазарақәа шәцәа иалазар, урҭ шәчымазара дырхьанҭозар ахәышәтәырҭаҿ шәышьҭалароуп" - иҳәоит Кациа.

Егьыс аан, аҽыԥхьакратә режим шәықәныҟәала, аҳақьыми шәареи шәеинырла иҳәоит иара.

Аҟәа ақалақь аполиклиника есыҽны, ԥсшьарамшыда, асааҭ 20:00 рҟынӡа аус ауеит. Асааҭ 20:00 рынахыс апациентцәа ақалақь аҿкыратә хәышәтәырҭаҿ ирыдыркылоит.

Араионқәеи егьырҭ ақалақьқәеи руааԥсыра аҭыԥантәи аполиклиникақәа рахь инеир рылшоит.

Кациа иажәақәа рыла, уажәтәи аамҭазы аҩны инеины акоронавирус агәаҭаразы абригадақәа реиҿкаара иаҿуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: