АҞӘА, мшаԥы 6 - Sputnik. Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә ҿкы рымоу ирымаму аилкааразы алаборатортә диагностика иахысит хәҩык ауаа. Урҭ рҟынтәи аӡәгьы авирус идрымбалеит. Абри атәы аанацҳауеит Акоронавирус COVID-19 аламырҵәаразы аоперативтә штаб.
Аштаб лымкаала иазгәанаҭоит, атәыла аҩнуҵҟа акоронавирус змоу уаҩ дшыҟамгьы аҭагылазаашьа ҷыда арежим иқәныҟәалатәуп ҳәа.
"Ҳара ибзианы еилаҳкаауеит уахи-ҽни уҽыԥхьакны аҟазаара акыр ишыуадаҩу. Ҳара иҳамоуп аинформациа арежим еилазго ыҟоуп ҳәа. Аҽазныкгьы аҳәара ҟаҳҵоит ачҳара аашәырԥшырц, ԥсыхәа змам уск азы ада шәыҩнқәа аанышәмыжьларц", - аҳәоит аштаб.
Уаанӡатәи адыррақәа рыла, аҭагылазаашьа шәарҭахар аиҳабыра акоменданттә сааҭ алагалара иазыхиоуп.
Хәажәкыра 28 инаркны мшаԥы 20 рҟынӡа Аԥсны аҵакыра зегь аҿы аҭагылазаашьа ҷыда алагалоуп, Урыстәылеи Аԥсни рҳәаа аркуп аҳәаанырцәуааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи рзы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аҟәатәи акоммуналтә маҵзурақәа русура аанкылаӡам
Акоронавирус иадҳәалоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>