Аԥсны аҿкы чымазара бааԥсы COVID-19 алармырҵәара алыршаразы аҳәынҭқарраҿы ишьақәыргылоу аԥҟарақәа ауаажәлар аӡәырҩы гәахәарыла ирыдыркылеит, рыгәгьы маҷк иадамхаргьы иарҭынчит. Аха абри аҩны атәара, абаандаҩра иззаҩызахазгьы ыҟазаап, изааӡари урҭ реиҳараҩык абыргцәа ракәхеит саб раԥхьа днаргыланы.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Аиаша ҳҳәозар COVID-19 агәыҭҟьара ҳазцәырнагеит. Иахьа доусы ҳнапы иануп ҳхатә гәабзиареи аԥсҭазаареи адагьы ҳҭаацәеи, иаҳзааигәоуи ртәгьы. Аспециалистцәа разгәаҭарақәа рыла, еиҳарак аҿкы шәарҭоуп абыргцәа рзы. Убри аҟнытә, "аҩны шәтәа" ҳәа адҵа аныҟала, хымԥада сани саби срызхәыцны сҽааныскылеит. Аха абар аилибамкаара! Ҽнак хәлаанӡа аҩны имтәацыз 80 шықәса зхыҵуа саб акарантин адгылара шаиҭогьы, ашҭа дакӡом, уажәы-уажәы аҿыҵгақәа ҟаҵаны дҭыҵуеит. Зны аҭаҭын аасхәоит иҳәап, даҽазных ачаагара сцоит иҳәап. Уажәы, ҽнак хынтә агәамсамгьы дәылиго далагеит. Ари "апроблема" ҳара ҳҭаацәараҿы мацара акәымзаап иахьцәырҵыз. Адиуан агәылҵра зцәыуадаҩыз ҳгәылацәа раб хымш рыла иааиуа аӡынразы амҿы ылиххьазаап.
Иацы, "иҟалозар уҽаанкыл, излазбо ала акы уаршуеит" ҳәа сан лыбжьы ырцәгьаны ашьыжь саб дшиҿагылаз анызба еилыскааит ҳкаҳуа шынҵәаз…
Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ҳшынҭаацәоу аҩны ҳаҩнахеит, аха макьана ҳгәы ҿыӷьартә еиԥш иҟам. Саб заҵәык иоуп уажәы-уажәы игәаҭеиуа агәашә ахь иԥшуа. "Ҳара ачымазара уацәаҳахьчоит ҳәа ҳаҿуп, уара уӡырҩӡом, ҳажәа акагьы иаҵанамкуазар иуҭаху ҟаҵа ҳәа" ҳаҽҳаргәаауа ҳаналага, ҽназаҵәык илиршеит ашҭа аҭымҵра.
Есыҽны ажәабжьқәа рыла, адунеи атәылақәа рҿы COVID-19 зыхьны зыԥсҭазаара иалҵыз, мамзаргьы ачымазара злаҽыз рхыԥхьаӡара иацлоит аҟнытә, аиаша ҳҳәозар, ҳгәалаҟазаара даара ибжьысны иҟоуп.
"Саида, арадио ала ирҳәаз бдыруоу, акоронавирус умыхьырц азы аҳауа цқьа уфалароуп, амшын аԥшаҳәаҿынӡа снеины сааиуеит", - ҳәа сылахь еиқәҵаны сыштәаз, саб иҽыргызмалны ашҭа аҭыҵра иақәикит. Иҟасҵарызеи, дрыцҳасшьан: "Аиеи нас, амала акагьы уаламкьысын, аӡәгьы инапы имхны аԥсшәа иаумҳәан" ҳәа адҵақәа ҟаҵаны, 30 минуҭ наиҭаны дсышьҭит.
COVID-19 аҽацәыхьчаразы раԥхьа иргыланы агигиена аҭахуп аҟнытә, иахаҳарҟьозаргьы, ҽнак хынтә ахлорка ала адашьма ҳаӡәӡәо ҳалагеит. Адәқьан аҿы ҳнеины ҳанааиуа, иаразнак ҳаимаақәа адәаны иныжьны, ҳнапқәа аӡы ахьаршаны ауаҭка ахьаҳшьуеит.
"Саида, арадио ала ирҳәаз бдыруоу, ауаҭка ужәлар акоронавирус ухьӡом", - ҳәа ҩаԥхьа саб ибжьы нсықәиргеит COVID-19 иазкны аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа сыбжьы ҭыганы санрыԥхьоз аамҭазы.
Ишәеилсыркаар сҭахуп, арадио ҳшынҭаацәоу ҳшазыӡырҩуа, аха саб иуадаҿы иқәгылоу иара иинаало ажәабжьқәа зҳәо, иҷыдоу ацәқәырԥа акуазаап.
Анцәа иџьшьаратәы сгәылара дынхоит апсихолог Седа Матосиан. Лара исабжьылгеит абыргцәа акарантин аамҭазы аҩны иуртәарц шулшо, иаҳҳәап Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иазку афильмқәа дырбарала. "Берлин анаҳгалак иҟаҳҵои" анысҳәа, "егьырҭ асовет аамҭазы иҭыху акиноқәа изаҿакы, амаца, ашашка, анард уҳәа шәрыс. Ажәытә альбом цәырганы афотоқәа шәеиҭарыхәаԥш, ихәыҷра иадҳәалоу ахҭысқәа шәырзааҭгыл" лҳәеит. Иахьа Гагра ауаа маҷны изланыҟәо ала, амшын аԥшаҳәахьы сааҭк иадымхаргьы, хымԥада агигиенатә ԥҟарақәа азгәаҭаны дныҟәаргьы шыҟало наҵылшьит.
Акарантин иалагӡаны, аусура иарааԥсахьоу алшара рымоуп рызхара ацәара, еиқәылаз аҩнытә усқәа рыҟаҵара, ашәҟәқәа рыԥхьара уҳәа. Сара макьана адиуан аҿы сианы COVID-19 аҟазшьа ҷыдарақәа ҭысҵаауеит, сҭаца илӡуа ачаџьқәа снарыцҳауа.