Аминистрцәа реилазаара агәаҭара: Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы финанстә еилагара ыҟам

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа афинанстәи аматериал-техникатәи еиқәыршәара ҳәаақәҵоуп аҳәынҭқарратә биуџьет иазыԥхьагәанаҭо аныхрақәа рҳәаа иҭагӡаны.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 7 - Sputnik. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ахылаԥшра-ревизиатә усбарҭа Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿ 2018 - 2019 шықәсқәа рзы абиуџьет аҟынтәи хықәкылатәи аныхрақәа шымҩаԥысуаз ҭырҵааит.

Афинансҭҵаара иаанамырԥшит абиуџьет аԥарақәа хаԥышәала ишныхыз ҳәа аанацҳауеит аӡбарҭа асаит.

Абиуџьет ԥарақәа рныхра асмета адагьы аусбарҭа иҭнаҵааит:

  • аԥарақәа аматериалтә беиарақәа раахәареи, рыхьчара аиқәыршәареи рзы аныхра;
  • абиуџьеттә ԥарақәа ауалафахәы ашәарази иҳәынҭқарратәу абиуџьетнҭыҵтә фондқәа рахь рахыхра;
  • акыршықәсатә усурази аквалификациатә класси рзы ауалафахәцҵа аҟаҵара;
  • ахархәара змоуз асанатор-курорттә хәышәтәразы аԥаратә компенсациа аҟаҵара;
  • ацхыраагӡақәа ршәареи егьырҭ ахырхарҭақәеи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: