Акоронавирус рымазар ҳәа Аԥсны 86-ҩык гәаҭоуп

Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба хантәаҩра ззиуа Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы COVID-19 ацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аилацәажәара мҩаԥигеит амчыбжь аихшьааларазы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 7 - Sputnik. Аԥсны аҩнуҵҟа акоронавирус рымазар ҟалоит ҳәа 86-ҩык гәаҭоуп иҳәеит Валери Бганба хантәаҩра ззиуа Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы COVID-19 ацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аилацәажәараҟны Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа.

"Урҭ рҟынтәи ԥшьҩык ранализқәа рганахьала агәыҩбара ахьрымаз азы еиҭарырҭеит. Хара имгакәа даҽа 600 тест ҳзаараны ҳаҟоуп", - иҳәеит Ҵахнакьиа.

Валери Бганба иазгәеиҭеит азхьаԥшра ду шаҭаху аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҟны арежим азҵаарақәеи аҳәаа иахысуа атәылауаа рганахьала ирыдыркыло ауснагӡатәқәеи.

Х-етапк рыла: Аԥсны акоронавирус агәаҭара шымҩаԥырго

Иара иҳәеит атәыла иалало зегьы хымԥада аҽыԥхьакратә режим иқәныҟәалар шакәу атәы зҳәо аусдҵа шазырхиатәу.

Хәажәкыра 28 раахыс Аԥсны аҳәаақәа адыркит аҳәаанырцәуаа рзи атәылауаҩра змам ахаҿқәа рзи.

Валери Бганба иара убасгьы Аҩнуҵҟатәи аусқәа рнапы ианиҵеит уахынла ақалақь аҿы аныҟәарақәа хылаԥшра рырҭарц, ауааԥсыра баша-маша рныҟәара ԥыркларц.

Акоронавирус иадҳәалоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>