Х-етапк рыла: Аԥсны акоронавирус агәаҭара шымҩаԥырго

CC0 / / Лаборатория
Лаборатория  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ауааԥсыра акоронавирус рымоу ирымаму аилкааразы ақалақьтә поликлиника, ма аҿкчымазаратә хәышәтәырҭа иадҵаалар рылшоит.

АҞӘА, мшаԥы 6 - Sputnik. Акоронавирустә ҿкы алаборатортә диагностика х-етапк рыла имҩаԥыргоит ҳәа еиҭалҳәоит Аԥсны АА иатәу НИИЕПиТ адиректор ихаҭыԥуаҩ, аиммунологиеи авирусологиеи рлабораториа аиҳабы Алиса Матуаԥҳа.

Актәи аетап аан абиологиатә материал ргоит арыԥҳақәа рҟынтәи, ажьцәаҟынтә, ашьаҟынтә, аԥынҵеи ахәдеи рыҭшьқәа ргоит.

"Арыԥҳаҟынтә аматериал ргоит апациент иҭагылазаашьа хьанҭазар. Усеиԥш уаҩ дҳаднамгалацт. Убри азы аԥынҵеи ахәдеи рҟынтәи аҭшьқәа ҳгоит", - ҳәа лҳәоит лара.

Аматериал асанепидемстанциа алабораториа ҷыдахь инарышьҭуеит. Аналаиз аҭак агәеихьшьра унаҭозар, абиологиатә материал аҽазныкгьы агәаҭара иахрыжьуеит.

Фармацевт выбирает лекарство в аптеке  - Sputnik Аҧсны
Аԥҭекақәа рҿы ахәшәқәа рыҟазаареи рыхәԥсеи хылаԥшра аиулоит

Матуаԥҳа иазгәалҭоит аҳақьымцәа рахь инеиуа зегьы рҟынтә аматериал агара аҭахны ишыҟам.

"Апациентцәа х-гәыԥкны ишоит: иласу, ибжьаратәу, ихьанҭоу ҳәа. Иахьазы ихьанҭоу ачымазцәа ҳаднамгалацт. Ибжьаратәқәоу акоронавирус рымазааразы игәаҳҭоит. Ахԥатәи агәыԥ иаҵанакуа ачымазцәа аԥхьатәи амшқәа рзы ранализ ҳгаӡом, избанзар заанаҵы анализ угар аҭак ԥаршеины иуоур ҟалоит, избанзар уи аамҭазы авирус ахы цәырнамгацт", - лҳәеит лара.

Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура ишаҳәо ала ашәахьа, мшаԥы 6 рзы Акоронавирус аламырҵәаразы аоперативтә штаб араионтә медицинатә усҳәарҭақәа рлаборантцәеи рмедицинатә еиҳәшьцәеи рзы атренингқәа мҩаԥнагеит.

Амедперсонал ирзеиҭаҳәан аинфекциа COVID – 19 змоу аус шидулатәу, идырбан абиологиатә материал агашьа.

Атренинг мҩаԥыргеит Аҟәа асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаевеи Аԥсны АА иатәу Аексперименталтә патологиеи атерапиеи ринститут адиректор ихаҭыԥуаҩ, аиммунологиеи авирусологиеи рлабораториа аиҳабы Алиса Матуаԥҳаи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0