АҞӘА, мшаԥы 8 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. COVID-19 змаз Гагра ақалақь ауаҩԥсы дахьынхоз аҩнеихагылаҿы инхо зегьы атестқәа ирыхрыжьраны иҟоуп авирус рымоу ирымаму ашьақәыргыларазы. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Владимир Џьениа.
"Ахаҵа аабаны еихагылоу аҩнаҿы дынхон, уажәы уаҟа азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа гылоуп. Аӡәгьы адәылҵра, аҩналара азин имаӡам. Аволонтиорцәа адҳаԥхьалеит анхацәа афатә-ажәтә, ахәшәқәа рыгымхартә еиԥш аҟаҵаразы. Исцәыуадаҩуп аҳәара анхацәа иалагалоу акарантин шрыдыркылаз, изгәамԥхаз ҟалазар акәхап. Аха уажәтәи аҭагылазаашьаҿы ҽакала изыҟалом", - еиҭеиҳәоит иара.
Ахаҵа ихы ҽеимкәа ибо далагеит мшаԥы 4 рзы. Ахәышәтәырҭа дҭашәеит мшаԥы 6 рзы.
Мшаԥы 7 рзы иара дахьынхоз аҩнеихагыла ахы инаркны аҵыхәанӡа Аԥсны АҶА аусзуҩцәеи акоммуналтә маҵзурақәеи еицхырааны ҩынтә иҷыдоу амаҭәашьарқәа рыла адезинфекциа азыруит. Уи Аԥсныҟа данаауаз даазгаз атаксист ихаҭара шьақәыргылоуп. Ачымазаҩ дызҭааз адәқьани аԥҭекеи аркуп.
Аԥсны аҵакыраҿы раԥхьаӡа акәны акоронавирус зыхьыз ауаҩы дҟалеит. Иара хәажәкыра 29 рзы Москвантәи дааит, аҳәаа дахысит. Иахьазы ачымазаҩ Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа дҭоуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Акоронавирус анаадырԥшыз ашьҭахь Гагра иаларгалаз аԥкрақәа
Акоронавирус змоу ауаҩԥсы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь днагоуп