Аԥсны акоронавирус здырбалаз даҽаӡә дҟалеит

Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус раԥхьаӡа акәны ауаҩԥсы идырбалеит иацы, мшаԥы 7 рзы. Ичмазаҩхаз ахаҵа ииасыз амчыбжь азы Москвантәи дхынҳәит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 8 - Sputnik. Раԥхьаӡа акәны Аԥсны акоронавирус COVID-19 здырбалаз Гагра инхо атәылауаҩ дызныруаз ауаҩԥсы акоронавирус идбалоуп, абри атәы аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб. 

"Раԥхьа акоронавирус здырбалаз ауаҩы дызныруаз ахаҿқәа ргәаҭара ашьҭахь, урҭ рахьтә руаӡәк акоронавирус шихьыз шьақәыргылан. Уи ауаҩы уажәы иҽыԥхьакны дыҟоуп. Иҭагылазаашьа хар амам, уи ихылаԥшуеит, иаҭаху ахәышәтәра дахысуеит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Уи адагьы, акоронавирус рылоу ирыламу азы атест иахысит хәҩык ауааԥсыра, урҭ акоронавирус шрыламыз шьақәыргылан. Абас ала, мшаԥы 8 рзы Аԥсны ҩыџьа акоронавирустә инфекциа шрымоу шьақәыргылоуп.

Раԥхьа аҿкы зыхьыз иҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иршьоит аҳақьымцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: