Ашьа ыҟоуп, аха аамҭа-аамҭала ихарҭәаалатәуп: акарантин ашьаҭара ишанырыз

Аԥсны аҩныҵҟа хәажәкыра 28 инаркны мшаԥы 20 рҟынӡа иалагалоуп аҭагылазаашьа ҷыда арежим.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 10 – Sputnik. Ареспубликатә хәышәтәырҭа алабораториа аиҳабы Инга Шьакаиаԥҳа Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит акарантин Аԥсны ашьаҵәах аҟазаара ныррас ианаҭаз.

"Иахьатәи аҭагылазаашьа зегьы ирныруеит. Адонортә усгьы аганахь иҟам. Уи аганахь ала иара усгьы аиҵахарақәа ҳаман: ачымазаҩ иуа-иҭахы роуп аиҳарак ашьа изҭо", - лҳәеит лара.

Инга Шьакаиаԥҳа илҳәеит мшаԥы 11 рзы Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә база аррамаҵзурауаа 15-ҩык ашьаҭаразы иаараны ишыҟоу.

"Ари иахьазы ицхыраагӡа дууп. Иҟоуп ачымазцәа хымԥада ашьа зҭаху. Иахьазы иҳамоу ашьаҵәах нҵәар алшоит ианаамҭоу ихарҭәаамзар", - лҳәоит аҟазауаҩ.

Акарантин аан адонорцәа рҭагылазаашьа ныҭкааны иҭырҵаауеит.

Бганба акоронавирус аҿагыларазы амчқәа зегь реизыркәкәара аҭахуп иҳәеит

"Адонор мчыбжьык-ҩымчыбжьа раԥхьа аҳәаа дахысзар, ашьа аагаӡом. Ԥсыхәа змам аҭагылазаашьа аан Ацхыраара ласы амашьына ҳкартотека иҭагалоу адонор даанагар ҟалоит. Ҳара иҳамоуп адонорцәа – шықәсыла ашьа азҭо", - лҳәеит лара.

Инга Шьакаиаԥҳа лажәақәа рыла, иахьазы ашьа адефицит ыҟаӡам.

"Уи адагьы, Анцәа иџьшьаны, аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы амҩатә машәырқәа аҭыԥ рымам. Аиҳарак ҳара усҟан азоуп ашьа анаҳҭаххало. Иаалырҟьаны ахирургиатә цхыраара зҭаху зегь ҳадаҳкылоит, планла иазԥхьагәаҭоу аоперациақәа аанкылоуп", - лҳәоит Шьакаиаԥҳа.

Аԥсны аҩныҵҟа хәажәкыра 28 инаркны мшаԥы 20 аҟынӡа иалагалоуп аҭагылазаашьа ҷыда арежим.

Акоронавирус иазку аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>