Аҳаракырақәа ирышьҭоу иоуп аҳаракырахь ихало: аԥырҩы Аинар Сергьегьиа иҭоурых

СССР аамҭақәа раан, "ианузҳалак узакәхода" ҳәа ҷкәынак азҵаара иуҭар, дымхәыцӡакәа "скосмонавтхоит", ма "сԥырыҩхоит" ҳәа аҭак уиҭон. Ари азанааҭ иахьагьы бзиа избо рацәаҩуп. Убарҭ дреиуоуп Саида Жьиԥҳа иахьа зҭоурых ҳадылгало аԥырҩы, алеитенант еиҳабы Аинар Сергьегьиа.
Sputnik

Акосмонавт, иара убас аԥырҩы изанааҭ ахԥша ду аиуит 1961 шықәсазы, раԥхьаӡакәны Иури Гагарин акосмос ахь данԥры. Ҳара ҳтәылаҟны акосмодромқәа ыҟамзаргьы, аҳаиртә баӷәазагьы ишахәҭоу еиԥш аус амуазаргьы, аԥырҩы изанааҭ хшыҩзышьҭра азҭо аҿар маҷӡам. Урҭ дыруаӡәкуп Бабышьратәи аҳаиртә баӷәазаҟны аус зуа, аекипаж акомандаҟаҵаҩ, аԥырҩы Аинар Сергьегьиа.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Аинар Сергьегьиа Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 аҟны аҵара иҵон. Аабатәи акласс ахь даниас, алагарҭатә-арратә ҽазыҟаҵара рзымҩаԥызгоз, ашкол аҿы еиуеиԥшым аспорттә командақәа еиҿкааны измаз ирҵаҩы Роман Кьетиа ибзоурала, ихшыҩ азцо иалагеит арра иадҳәалоу азанааҭқәа, аццакреи, ажәҩани рахь имаз аинтерес игәанарԥхеит аԥырҩы изанааҭ азхьаԥшра.

Роман Кьетиа аԥсадгьыл ахьчаҩ имш азы: даҽазнык арра сыргозар, мап скуамызт

Ажәеизатәи акласс ашьҭахь, Аԥсны Атәылахьчара аминистрраҟны аԥышәарақәа аҭаны, дҭалоит Сызраньтәи Арра-ҵаратә ҭҵаарадырратә центр, Арра-ҳаиртә мчрақәа ркадемиа. Аҵараҵара зықәҿиоз арԥыс, ахԥатәи акурс ахь даниас, апрактика иахысуа иалагеит. Убасҟан ауп раԥхьаӡакәны аекипаж дацны ажәҩан даналала.

"Раԥхьатәи сыԥырра убриаҟара сгәы шьҭнахит, иалысхыз азанааҭ еиҳагьы бзиа иснарбеит. Хыхьынтә адгьыл ахь уанԥшуа, еилукаауеит шаҟа адунеи ҳәаадоу", - иҳәоит Аинар.

Аҵара ашьҭахь, Аинар Сергьегьиа Аԥсныҟа дхынҳәит, аусурагьы далагеит Бабышьратәи аҳаиртә баӷәазаҟны. Арԥыс аиҳарак авертолиот ауп иныҟәицо, аекипаж акомандаҟаҵаҩыс дыҟоуп. Лассы-лассы атәыла аҳәаақәа ирхылаԥшырц аԥыррақәа мҩаԥыргоит, убас ихалоит Ԥсҳәыҟа.

Аҳаракырақәа ирышьҭоу иоуп аҳаракырахь ихало: аԥырҩы Аинар Сергьегьиа иҭоурых

Аинар иажәақәа рыла, итәыла ажәҩан аҟынтә даналаԥш, агәра игеит ари џьанаҭ шакәу. Убасҟан, убла ҷыц еиԥш иухьчаша, унапқәа зыкәуршаша иԥшьоу иԥсадгьыл ахь еиҳагьы ахыбаара инырит.

"Авертолиот аекипаж хҩык рыла ишьақәгылоуп, урҭ иреиуоуп аекипаж акомандаҟаҵаҩ, аԥырҩы-аныҟәцаҩ, аҳаирнџьныр. Сара аҳаирплангьы ныҟәысцахьеит, аха авертолиот ауп еиҳа зныҟәцара уадаҩу. Избанзар уи ҭыԥк аҟнытә ишьҭыԥраауеит, насгьы апропеллер акы иаҿамԥароуп. Даара ишәарҭоуп авертолиот ала ашьхаҭыԥқәа уанырхаԥыруа. Ҳара ашәагазагақәа зегьы ҭаҳҵаахьеит аҟнытә ҳашьцылахьеит, аха зегь акоуп угәуҽанызароуп", - ҳәа азгәеиҭоит аԥырҩы қәыԥш.

Аинар Сергьегьиа 25 шықәса роуп ихыҵуа, иара иааизакны 350 сааҭ аԥыррақәа мҩаԥигахьеит. Авертолиот ала хә-нызқь метр ажәҩан ахь дхалахьеит. Алеитенант еиҳабы ичын аҟынӡа днеихьеит.

Аҳаракырақәа ирышьҭоу иоуп аҳаракырахь ихало: аԥырҩы Аинар Сергьегьиа иҭоурых

Аԥырра адагьы, арԥыс аԥышәа имоуп апарашиут ала аԥарагьы.

"Аҵара ҳҵонаҵы, апрактикаҿы аантә парашиутла сыԥахьан. Раԥхьаӡа 800 метр ҳдырԥеит, анаҩс 1800 метр. Азнык азы угәы еиҭаԥоит, аха знык ианугәаӷь, нас агәамч унаҭоит", - инаҵишьит иара.

Мушьни Лашәриа Иури Гагарин изы: адунеи дафырхаҵаны дгылеит

Аӡәгьы изы имаӡаӡам иахьа ҳтәылаҟны аҳаиртә баӷәаза аусура шԥсыҽу, аха уеизгьы арԥыс иҩызцәеи иареи агәыӷра рымоуп ироуз азанааҭ бзиа инагӡаны, уимоу еихаҳаны аныҟәгаразы алшара роуп ҳәа.

Авиациеи акосмонавтикеи рымш азгәарҭо иалагеит асовет ԥырҩы Иури Гагарин акосмос ахь данԥры ашьҭахь шықәсык ааҵуаны.

1968 шықәсазы, Жәларбжьаратәи Авиациатә федерациа ахеилак аԥшьгарала иазыӡбан ижәларбжьаратәу мшны ашьақәыргылара. Уи нахыс адунеи атәылақәа жәпакы рҟны иазгәарҭо иалагеит, иахьагьы ари амш аҵак ду змоу ҳәа иԥхьаӡоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: