Мушьни Лашәриа Иури Гагарин изы: адунеи дафырхаҵаны дгылеит

© Sputnik Летчик-космонавт Юрий Гагарин в кабине космического корабля “Восток”
Летчик-космонавт Юрий Гагарин в кабине космического корабля “Восток” - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мшаԥымза 12, 1961 шықәса раԥхьаӡа ауаҩы акосмос ахь дыԥрит. Ари акрызҵазкуа ашьаҿа егьа аамҭа царгьы илегендахаз асовет ԥырҩы Иури Гагарин ихьӡ иадҳәалазаауеит. Убри аамҭазы Москва аҵара зҵоз Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа ари ахҭыс игәалашәараҿы ишынхаз ҳзеиҭеиҳәеит.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Иахьатәи Адунеи еилахоуп, агәаҟра дуқәа мҩаԥысуеит, Аԥсны уи ахьымкьысырц залымшеит. Убас шакәугьы, ҳгәалашәараҿы инхеит акрызҵазкуа аҭоурыхтә хҭысқәа. Убарҭ иреуоуп, мшаԥы 12, 1961 шықәса. Москватәи аамҭа жә-сааҭки быжь-минуҭки рзы, Ҟазахсҭан, акосмодром "Баиканур" аҟынтә акосмостә ӷба "Восток" ыҵԥрааит. Уи аборт аҿы дыҟан акосмонавт Иури Гагарин. Раԥхьаӡа акәны ауаҩы дызҭаз акосмостә аппарат аҳауа иалалеит. Уи иҿаԥхьа иқәгылаз адҵа қәҿиарала инагӡаны, жәа-сааҭки 55 минуҭи рзы Саратовтәи аобласт Терновсктәи араион Смеловка ақыҭа азааигәара дызҭаз аппарат адгьыл аҿы итәеит.

Мушни Лашәриа - Sputnik Аҧсны
Мушьни Лашәриа: аԥсҭазаара уԥхьоит, ирацәоуп аутәы, аҟаҵатә, урҭ ҵҩа рымаӡам

Ари амш иадҳәалоу ахҭысқәа игәалашәараҿы ишынхаз атәы дазааҭгылоит Аԥсны Жлар рпоет, "Ахьӡ-Аԥша" аорден актәи аҩаӡара занашьоу Мушьни Лашәриа.

"Убасҟан Москва алитературатә институт аҟны аҵара сҵон, аҩбатәи акурс аҟны стәан. Дук мырҵыкәа аинститут зегьы хыла-гәыла еилалеит, зегьынџьара ашьҭыбжь ҩныҩуан "Советский человек в космосе" ҳәа. Ҳара ҳахьтәаз аудиториаҟны, Иван Уасил-иԥа Шувалов ҳәа дыҟан, аҭоурых ҳирҵон, дҳалалан аӡәаӡәала ҳнапқәа ҳамихит, "ишәыдысныҳәалоит, ахҭыс ду ҟалеит" ҳәа", - игәалашәарақәа ҳацеиҩишеит Мушьни Лашәриа.

Москва Алитературатә институт аҟны аконференц зал ду ыҟан. Уи еиднакылеит Мушьни Лашәриа дназлаз астудентцәа, апрофессорцәа, аҵарауаа, ашәҟәыҩҩцәа. Урҭ ажәахәқәа ҟарҵон.

"Исгәалашәоит, уантәи ҳаибарыҩны сҩызцәеи сареи аредакциа "Известия" ахь ҳцеит. Аредакциа А. Пушкин ибаҟа азааигәара ауп иахьгылоу усҟангьы, иахьагьы. Аинститути Пушкин ибаҟеи 200-ҟа метра рыбжьан, иааигәан. Хҭыск абас еиԥш ианыҟалалоз, уа авитрина ыҟан, афотосахьақәа цәырыргон. Ҳара ҳаннеи аамҭазы икыдҵаны иаалгеит Гагарин ипатреҭ, иахьеиԥш сыбла ихгылоуп, аӡы ахьыҵәҵәа, асахьаҭыхҩы абыржәы иааҭихыз исахьа", - ҳәа азгәеиҭоит Лашәриа.

Усҟан, Гагарин исахьа агазеҭгьы ианымлацызт, ателехәаԥшрахьгьы имнеицызт, Мушьни Лашәриа алшара иман иҩызцәеи иареи аԥырҩы-алегенда ипатреҭ зегь раԥхьа лабҿаба абара. Уи игәалашәараҿы, хымԥада, иҷыдоу аҭыԥ ааннакылоит.

Иллюстрация с изображением астеройда и космического зонда Хаябуса - Sputnik Аҧсны
Раԥхьаӡа акәны астероид аҟынтәи авидео ҭыхуп

"Хрушьов ихаан ауп ари аныҟалаз, иара адемонстрациа ду мҩаԥигеит миллионҩыла ауаа алархәны, Ашҭа Ҟаԥшь аҟны Гагарин дидикылон. Хыхь атрибунаҿы аиҳабыра Гагарин дыргәылакны убра иқәгылан, ҳара ҳаиасны хцон. Сара сааигәан убра, ҳинститут злахәыз адемонстрациаҟны актәи ацәаҳәаҿы акәын еснагь иахьыҟаз, ҳарҿаԥшуан иааигәаны... Исхамшҭуа иаанхеит, аиашазы, ари амш", - ҳәа азгәеиҭоит Мушьни Лашәриа.

Урҭ амшқәа рзы Мушьни Таииа-иԥа Лашәриа иҩит абас еиԥш иҟаз ацәаҳәақәа. Урҭ гәыблыла ицәырганы ҩаԥхьа абжьы рхаҵаны даҳзаԥхьеит:

"200 шықәса нысҵыргьы исхашҭуам сара

Гагарин Москва ҳаниԥылоз,

Адунеи зегь ашьҭан уи ибара,

Адунеи иафырхаҵан игылаз.

Ашҭа Ҟаԥшь иқәсны инеиуан жәлара,

Амра иаҳхаццеиуаз ҭакарын,

Убасҟан аҵкыс сымгәырӷьац сара,

Саԥхьаҵәҟьа дгылан Гагарин!"

Ииашаҵәҟьаны, Иури Гагарин акосмос ахь иԥырра адунеи зегьы аршанхеит, Асовет уаа ргәалашәараҿы иаанхеит.

"Уиижьҭеи ашықәсқәа маҷымкәа иҵит, иахаану еиҳа-еиҳа имаҷхо иалагеит. Аха, ахҭыс ахаҭа ахаан хашҭра зқәым ауп. Нас иҟалақәаз жәдыруеит, аракетақәа ажәҩан иалалеит, анаҩс Амза аҟынӡа америкаа наӡеит, иахьагьы ари аусура еихсыӷьраны иҟаӡам. Уи аамҭа ҳарҭ аԥсуаа ҳзы - Хрушьов ицәырҵра - ихирыз аамҭан. Сталини Бериеи рышьҭахь аԥсуаа абӷа анроуз аамҭан, ҳгәы еиҵнахуан иара Хрушьов ицәырҵра усҟан. Ари ҳлитературагьы ианыԥшит, ҳпоезиагьи ианыԥшит", - иҳәеит Мушьни Лашәриа.

Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа иахьатәи амш гәык-ԥсык ала ирыдиныҳәалоит ҳауаажәлар. Ҳазҭагылоу аамҭазы аҭыԥ змоу ачымазара бааԥсы иацәыхьчазарц иҭахуп Аԥсынрагьы, ауаатәыҩсагьы ахьынӡанаӡааӡогьы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0