Арадио

Ҭыжәба амармалташьтә пты аҿагыларазы ахәшәқәа рзы: ҳҭаҵәахқәа маҷуп

Аҟәа араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Дамеи Ҭыжәба арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит амармалташьтә пты аҿагылараҟны уадаҩрақәас ирымоу атәы.
Sputnik

 

Ҭыжәба амармалташьтә пты аҿагыларазы ахәшәқәа рзы: ҳҭаҵәахқәа маҷуп

"Араса ҳраион аҟны ирацәаӡам, ацитрус шәырқәа роуп еиҳарак иҳамоу. Ҵыԥх араса ахәшәтәразы иҳарҭаз зегьы шаны ираҳҭеит, сынтәа урҭ ахәшәқәа ҳамаӡам. Амармалташьтә пты аҟынтәи ахәшәтәрақәа рымҩаԥгаразы хәыҷык ҭаҵәахқәак ҳамоуп, аха урҭ зегьы ирызхом. Амармалташьтә пты аҟынтәи ахәшәтәрақәа мҩаԥызгар зҭаху ҳадҵаалоит, аха макьана иаамҭаӡам, мҽхакы ҭбаала ицәырымҵӡацт", - иҳәеит Ҭыжәба.

 

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: