Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Шьониа Гал арасаҭрақәа рыхәшәтәразы: ҵыԥхтәи аусурақәа хәарҭара ду рыман

© Foto / предоставлено Лери ШониаЛери Шониа
Лери Шониа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гал араион агроном хада Лери Шьониа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит ҵыԥх арасаҭрақәа рыхәышәтәразы аҳәынҭқарра иҟанаҵаз ацхыраара анхацәа ргәы шышьҭнахыз.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Шьониа Гал ақыҭанхамҩатә усурақәа ирызкны

"Амармалташьтә пты зегь раҵкыс ишәарҭоу, ақыҭанхамҩа ԥырхага азҭоны хәыҷаны иԥхьаӡоуп. Иааралсны, иара напылатәи аизгара ҳалагароуп, уи атәы иаарласны ирылаҳәахоит, ахә шыҟац иаанхоит. Уи уаҳа назҭахым алҵшәа аанашьҭуеит. Уи аԥсабарагьы иаҳагьы иазеиӷьуп. Иҳауран иҟоуп ахәшәқәа, ақыҭақәа зегьы ирызшахоит. Араса аганахьала алҵшәа бзиа аман, аҽаҩра бзиагьы ҳауит, иара ҵиаас иҟоу зегьы хар амамкәа иҟоуп, аус адаҳулоит. Уажә сахьыҟоу Хашҭа ақыҭан ажәлар аусура иаҿуп. Ҵыԥх дара аҳәынҭқарра аганахьала ацхыраара ду роуит аҟнытә, сынтәагьы даҽакала рхы рбоит, ԥшь-нызықь гектар вертолиотла хыхьынтәи ихәышәтәын, иахәҭаз ахәшәқәа зегьы ақыҭанхамҩа аиҳабыра иҳарҭеит. Ажәлар акымзарак рымшәаӡакәа, ҟәрышьк дара ртәы аламҵакәа, ақыҭанхамҩа аганахьала ацхыраара ҟарҵан, ихәышәтәын. Уи цхыраара дууп ақыҭанхацәа рзы. Иахьа гектар иадымхаргьы ухәышәтәырц уҭахызар, хәба-фба нызқь мааҭ иузтәоит, уи анхаҩы изы ԥара дууп", - ҳәа азгәеиҭеит Шьониа.         
 
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0