АҞӘА, мшаԥы 13 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Арежим аамҭазы Гагра арион аҿы иаанкылоуп 103-ҩык арежим еилазгаз ауаа ҳәа ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Гагра араион амилициа аиҳабы Зураб Барцыц.
Аԥхьатәи амшқәа рзы ауаа акоменданттә сааҭ закәу цқьа ирзеилкаауамызт, урҭ ирыҿцәажәон, иреилдыркаауан иҟоу аҭагылазаашьа.
Гагра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Владимир Џьениа иҳәеит аҭагылазаашьа хылаԥшра шамоу.
"Гагра араион аҿы иаԥҵоуп аштаб, уахь иаҵанакуеит иахәҭаны иҟоу амаҵзурақәа зегьы, иаԥҵоуп акомиссиа – акрыфарҭақәа, адәқьанқәа русура иахылаԥшуа", - ҳәа иҳәеит иара.
Џьениа ишиҳәо ала аҩнеихагылақәа рыҟны арзҩыдарақәа мҩаԥгоуп, аҳәаа иахысуа зегьы ашәҟәы иҭаргалоит, ргәабзиара иашьклаԥшуеит.
Иахьазы хҩык ачымазцәа рыда аӡәгьы авирус идбалам.
Урҭ ауаа ахьыҩназ аҩнаҿы инхо зегьы руадақәа ирдәылҵуам. Аԥхьаҵәҟьа уи уадаҩзаргьы, ауаа маҷ-маҷ еилыркаауа иалагеит ада ԥсыхәа шыҟам.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Гагра араион аҿы акоменданттә сааҭ аилагаразы жәохәҩык ааныркылеит
Ақыҭақәеи аҳаблақәеи рхадацәа аҳәаанырцәынтә иааз рыҽшыԥхьаркуа иахылаԥшлоит