Бганба Гагра араион иалагалоу аԥкрақәа ахыхзар аналшо иҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВалерий Бганба
Валерий Бганба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион аҿы акоменданттә сааҭ аларгалеит мшаԥы 8 рзы, уа инхо ахаҵа акоронавирус илоуп ҳәа анышьақәыргылаха ашьҭахь.

АҞӘА, мшаԥы 11 - Sputnik. Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо, аԥыза-министр Валери Бганба Гагра араион ахадараҿы имҩаԥигеит атәылауаа акоронавирустә инфекциа рацәыхьчара азҵаарақәа рзы аизара, ари атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит. Ахада инапынҵақәа назыгӡо иҳәеит аԥкрақәа рырԥсыҽра аналшо. 

"Ҳара акоронавирус ахы ахьыҵнахыз иаанаҳкылароуп. Уи наҟ-наҟ алаҵәара алҳмыршароуп, убри азоуп ауааи атранспорти ишашьцылахьоу еиԥш рынеиааира зыԥку. Амчратә усбарҭақәа рыцхыраарала атранспорт аныҟәара ҭышәныртәалахоит, ԥсыхәа змам ада егьырҭ ахықәкқәа рзы аныҟәарақәа рзин ыҟам", - иҳәеит Бганба.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит Гагра араион аҿы аҭагылазаашьа ҷыдеи акоменданттә сааҭи шырхырго ишахьԥшу аԥкратә усмҩаԥгатәқәа рахыхразы аӡбамҭа анрыдыркыло.

Вианор Тания - Sputnik Аҧсны
Ҭаниа акарантин еилазго ахараԥса рықәҵара аус азы: иззымдыруа рацәоуп

"Сара сгәанала, 10-12 мшы рышьҭахь, имҩаԥааго зегьы алҵшәа бзиақәа роуа иалагар, ауаа акоронавирус рацәыхьчаразы иалагалаз аԥкрақәа хәыҷы-хәыҷла рахыхра ҳалагоит", - иҳәеит ахада инапынҵақәа назыгӡо.

Аилатәара иалахәын Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Раули Смыр, Гагра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Владимир Џьениа, Пицунда ақалақь, Бзыԥҭа, Цандрыԥшь аҳаблақәа, ақыҭақәа Лӡаа, Алаҳаӡы, Ԥсахара, Баӷрыԥсҭа, Ҳашԥсы, Хышьхарыԥшь, Маҳадыр, Лаԥсҭарха, Гьечрыԥшь, Мқьалрыԥшь рхадацәа рнапынҵақәа назыгӡо, иара убас Гагра араионтә Санепидстанциа, амчратә, амедицинатә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа. 

Гагра араион аҟны акоменданттә сааҭ ахәылбыҽха асааҭ 8 инаркны ашьыжь асааҭ 7-нӡа амч амоуп, уи алагалан мшаԥы 8 рзы, Гагра иқәынхо ахаҵа акоронавирус илоуп ҳәа анышьақәдыргыла ашьҭахь.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0