Тҟәарчал араион апрокурор ҿыц даҭоуп

Тҟәарчал араион апрокурор ҿыц аколлектив дыдирдырит Апрокурор хада Адгәыр Агрба.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 13 - Sputnik. Тҟәарчал араион апрокурор ҿыцс даҭоуп Наргиза Мацхарашьвили ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.

Ашьхақәа ирыгәҭылаку: ақалақь-фырхаҵа Тҟәарчал 78 шықәса ахыҵит

Мацхарашьвили мшаԥы 10 рзы Апрокуратура хада аусҭҵааратә усбарҭа аусҭҵааҩ еиҳабыс дахьыҟаз аҟнытә лхы дақәиҭтәуп Тҟәарчал араион ахь лиагаразы.

2016 шықәса хәажәкырамза аахыс Тҟәарчал араион аҿы прокурорс дыҟан Аслан Латариа. Иара хәажәкыра 19, 2020 шықәса рзы Гәылрыԥшь араион апрокурорс диаган.

Наргиза Мацхарашьвили диит рашәара 18, 1979 шықәса рзы Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан.

1997 шықәсазы Аҟәатәи абжьаратә школ № 4 далгеит, 2002 шықәса рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет далгеит.

Апрокуратура аусбарҭақәа рҟны аус луеит 2009 шықәса раахыс.