Ашьхақәа ирыгәҭылаку: ақалақь-фырхаҵа Тҟәарчал 78 шықәса ахыҵит

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСтраны мира. Абхазия
Страны мира. Абхазия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал ақалақь астатус аиуит 78 шықәса раԥхьа – мшаԥы 9, 1942 шықәсазы. Ашьхақәа ирыбжьаку ари ақалақь ԥшӡа иацтәи амш, иахьатәи ахаҿра, аҭоурых, ақалақь ауааԥсыра рыԥсҭазаашьа уҳәа – Sputnik аматериал аҿы.

Ақалақь-фырхаҵа Тҟәарчал 80 километра рыла Аҟәа иацәыхараны, 25 километра рыла Очамчыра иацәыхараны, Аалӡга аӡиас иҽԥынгылоуп.

Sputnik

Ааглыхратә қалақь

Тҟәарчал шьаҭаркын ареспублика аиндустриатә центрк аҳасаб ала. Ара иҵырхуан "ахьы еиқәаҵәа" ҳәа изышьҭаз арацәа. Аԥсны еиуеиԥшым араионқәа рҟынтәи Тҟәарчалҟа усура ҳәа ииасуа иалагеит ауааԥсыра рацәаҩны.

Астанда Хашба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Асҭанда Ҳашԥҳа Тҟәарчал ақалақь иазкны

Тҟәарчал ақалақь административтәи ауаажәларратәи хыбрақәа, анхарҭатә фонд рыргылара рнапы алакын анемец солдаҭ-тҟәацәа. Уи адагьы ахыбрақәа рыпроектқәа рыҟаҵара иалахәын анемец архитекторцәеи анџьнырцәеи.

Иҟоуп агәаанагара, абри ауп Тҟәарчал Асовет Еидгыла егьырҭ ақалақьқәа ирылазмырҩашьо изыҟоу ҳәа.

1992-1993 шықәсазтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан ақалақь 413 уахи-ҵхи амацәаз иҭакын. Аибашьра ақалақь ссир ахаҿра акыр еицанакит. Шәкыла абџьар ақәкны идырхәашон, абомбақәа аларыжьуан.

Ааглыхра аангылеит, ахыбрақәа еилаҟәыбан.

Тҟәарчал инхо Анжела Қәычбериаԥҳа аибашьра аамҭа лгәалалыршәоит ауаа дара-дара ргәы шеибарӷәӷәоз, ишеицхыраауаз ала.

Абессалом Кварчия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Кәарҷиа: Тҟәарчал ҷыдала азнеишьа зҭаху қалақьуп

"Тҟәарчал еиуеиԥшым аамҭақәа ахнагахьеит. Ақалақь ауааԥсыра милаҭ рацәала еилан, ақалақь ахаҭа аҽакы иаламҩашьо ахатә традициақәа аман. Аибашьра амца анырхагьежьуазҵәҟьа тҟәарчалаа ауаҩытәыҩсатә ҟазшьақәа аҳра рырҭон. Еицхыраауан, рҿаҵа еиҟәшаны ирфон, ацхыраара рырҭон егьырҭ ақыҭақәа рҟынтәи арахь хеиқәырхара иаауаз ауааԥсыра. Урҭ рзы рышәқәа ҟьаҟьаӡа иаартын. Хашҭшьа амам ахәцәа рахь аҵыхәтәантәи рҭаҵәахқәа рыманы ишнеиуаз. Ақалақь иааҟәымҵӡакәа ишалахысуазгьы, есҽны аԥсыҭбарақәа шыҟалозгьы, зегьы уаҵәтәи амш лашарахоит ҳәа иԥшын", - еиҭалҳәоит лара.

Қәычбериаԥҳа илҳәоит аибашьра ашьҭахь тҟәарчалаа аусура аԥшааразы рықалақь нрыжьыр шакәхаз.

"Ауадаҩрақәа ирцәымшәакәа зыҩны иаанхаз - фырхацәаны исшьоит. Тҟәарчал ада зыԥсҭазаара зхаҿы иззаамго рацәаҩуп. Ара ԥсҭазаарак ҟалар, шамахамзар зегь хынҳәуеит ҳәа сгәы иаанагоит", - лҳәоит лара.

Аибашьра еилгеижьҭеи 27 шықәса анҵы ашьҭахь ақалақь аҽа мацәазк иҭакхеит – акоронавирус амацәаз.

"Ауааԥсыра ргәы карыжьуам. Адунеи зегь зҭашәаз арыцҳара иаиааины аԥсҭазаара бзиа еиҭах ишазыхынҳәуа агәра ргоит", - ҳәа азгәалҭоит Анжела.

Ақалақь иахьатәи амш

Тҟәарчал араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Витали Кәыҵниа еиҭеиҳәеит аибашьра ашьҭахь ақалақь аҿы аус зуа зауад заҵәык шакәу – "Заря" (аиҳабыра рнапынҵала ара иҭрыжьуеит аорденқәа, амедалқәа, агәаларшәагатә монетақәа – аред.).

Тҟәарчал - Sputnik Аҧсны
Агәыҩбара зцыз аныҟәара: Тҟәарчал сеигәырӷьеит, аха сылаӷырӡгьы аанагеит

"Ақалақь аҿы ашколқәа ԥшьба аус руеит, ахәыҷбаҳчақәа ҩба ыҟоуп. Аибашьра ашьҭахь шамахамзар аҩнқәа рхыб рыԥсахит. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа жәпакы шымҩаԥгоугьы иҟаҵам рацәоуп", - иҳәеит иара.

Ақалақь ишахәҭоу еиԥш аиҭашьақәыргыларазы аԥара абиуџьет аҟны иазхом.

Тҟәарчал хыхьтәи азонеи ҵаҟатәи азонеи ҳәа еиҟәшоуп. Уаанӡа дара аканаттә мҩа еимнадон. Уи аибашьра еилгазар аус ауам.

1994 шықәса рзы иаԥҵан Тҟәарчал араион. Усҟан араион иаҵаркын Очамчыра араион ақыҭақәа— Тҟәарчали Агәыбедиеи; Гал араион ақыҭақәа — Бедиа, Чхәарҭал, Оқәым, Актәи Гал, Махәыр, Царча, Гәымрыш, Речхә.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0