Акоронавирус зхәышәтәуа ахәшә ҿыц аус адулоуп Урыстәыла

Урыстәыла иахьаҵанакуа иахьазы 19 нызқьҩык инарзынаԥшуа акоронавирус рымоуп ҳәа шьақәырӷәӷәоуп, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 150-ҩык инареиҳаны.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 14 - Sputnik. Урыстәыла коронавирус зхәышәтәуа ахәшә ҿыц аус адулоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко Владимир Путин мшаԥы 13 рзы имҩаԥигаз аилацәажәараҟны.

Путин иҳәеит иааиуа амчыбжьқәа авирус аҿагылараҿы акрызҵазкуа ракәны ишыҟало

Авидеоконференциа арежим ала имҩаԥысыз аилацәажәараҿы иара иҳәеит:

"Урыстәылатәи аилахәыра ахәшә аус аднаулеит, аклиникатә ҭҵааразы актәи апартиа ҭыжьуп. Хара имгакәа урҭ аҭҵаарақәа ахәшьара рыҭахоит", - иҳәеит Михаил Мурашко.

Иара иажәақәа рыла, аклиникатә ҭҵаарақәа 10-12 мшы рыҩныҵҟа ихацыркхоит.

Урыстәыла иахьаҵанакуа иахьазы 19 нызқьҩык инарзынаԥшуа акоронавирус рымоуп ҳәа шьақәырӷәӷәоуп, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 150-ҩык инареиҳаны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: