АҞӘА, мшаԥы 14 - Sputnik. Апандемиа адунеитә ԥсҭазаара аганқәа зегьы анырра ӷәӷәа рнаҭоит ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин COVID-19 апандемиа инадҳәаланы ателеканал "Россия 24" ала идырбаз Евразиатәи аекономикатә хеилак алахәылацәа реилатәараҿ.
"Акоронавирустә пандемиа адунеитә ԥсҭазаара аганқәа зегьы анырра ӷәӷәа рнаҭоит. Аекономика, асоциалтә усхк – зегь амҽханакит. Атауарқәеи амаҵзурақәеи рыҭиреи раахәареи уадаҩхеит. Аглобалтә финанстә проблемақәа цәырҵит", - ҳәа иҳәеит Путин.
Иара иазгәеиҭеит акоронавирус аанкыларазы азеиԥш уснагӡатәқәа шымҩаԥгалатәу. Атәылақәа хаз-хазы авирус иаҿагыланы рықәԥара акәымкәа жәларбжьаратә еилазаара зегьы рҽанеидыркылалак ауп аиааира агара аналшо ҳәа иҳәеит иара.
Урыстәыла ахада иажәақәа рыла, акоронавирус ахҟьа-ԥҟьақәа иахьынӡалшо реиҵатәразы атәыла ВВП 1,2% аҟынӡа азырхоуп.
Путин иара убасгьы иҳәеит иахәҭаны иҟалар ЕАЕС атәылақәа рхы иадырхәар шрылшо аҭышәынтәалареи аҿиареи рзы Евразиатәи афонди, Евразиатәи аҿиара абанки.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Акоронавирус зхәышәтәуа ахәшә ҿыц аус адулоуп Урыстәыла
Путин иҳәеит иааиуа амчыбжьқәа авирус аҿагылараҿы акрызҵазкуа ракәны ишыҟало