Урыстәыла аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла 2774 -хҭыс ашәҟәы иҭагалоуп

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДезинфекция жилых домов в связи с коронавирусом
Дезинфекция жилых домов в связи с коронавирусом - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьатәи аамҭазы Урыстәыла иахьаҵанакуа ашәҟәы иҭагалоуп 21 102-ҩык акоронавирустә ҿкы зкыз ауааԥсыра. Авирус азгәаҭоуп 82 регион рҟны.

АҞӘА, мшаԥы 14 - Sputnik. Урыстәыла аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла 2774 -хҭыс ашәҟәы иҭагалоуп. Урҭ рҟынтәи 22 ԥсыҭбара ҟалеит. Абри атәы аанацҳауеит Акоронавирус аламырҵәаразы аоперативтә штаб.

Иара убри аан абри аамҭала 224-ҩык ргәабзиара шьақәгылеит. Зынӡаск рыԥсҭазаара иалҵхьеит 170-ҩык, ргәабзиара шьақәгылеит 1694–ҩык.

Москва ахада ихаҭыԥуаҩ Анастасиа Ракова илҳәеит 179 пациент ахәышәтәырҭа илҩаауп ҳәа.  Аҵыхәтәантәи уахи-ҽни рыла 1355-ҩык акоронавирус шрымаз аарԥшуп. Зынӡа –11513 –ҩык чмазаҩуп.

Реиҳараҩык қәрала 45 шықәса иреиҵоуп.

Москва мшаԥы 13 инаркны аушьҭратә система алагалоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0