АҞӘА, мшаԥы 14 - Sputnik. Урыстәыла аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла 2774 -хҭыс ашәҟәы иҭагалоуп. Урҭ рҟынтәи 22 ԥсыҭбара ҟалеит. Абри атәы аанацҳауеит Акоронавирус аламырҵәаразы аоперативтә штаб.
Иара убри аан абри аамҭала 224-ҩык ргәабзиара шьақәгылеит. Зынӡаск рыԥсҭазаара иалҵхьеит 170-ҩык, ргәабзиара шьақәгылеит 1694–ҩык.
Москва ахада ихаҭыԥуаҩ Анастасиа Ракова илҳәеит 179 пациент ахәышәтәырҭа илҩаауп ҳәа. Аҵыхәтәантәи уахи-ҽни рыла 1355-ҩык акоронавирус шрымаз аарԥшуп. Зынӡа –11513 –ҩык чмазаҩуп.
Реиҳараҩык қәрала 45 шықәса иреиҵоуп.
Москва мшаԥы 13 инаркны аушьҭратә система алагалоуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Адунеизегьтәи агәабзиарахьчара аиҿкаараҿ ирҳәеит Москва авирус чымазара аҽзышьҭнахыз
Акоронавирус зхәышәтәуа ахәшә ҿыц аус адулоуп Урыстәыла