Аԥсныҟа ихынҳәуа ҳтәылауаа 14 мшы ҳәа Аҟәатәи асасааирҭаҿы иԥхьаркуеит

Мшаԥы 17 рзы Ашәарҭадаратә хеилак аҟны иалацәажәан аҳәаа иахысны атәыла иҭало ауаа хымԥадатәи 14-мштәи акарантин рахыжьра азҵаара.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 18 - Sputnik. Урыстәылантәи Аԥсныҟа иаауа ҳтәылауаа ҩы-мчыбжьа асасааирҭа "Аиҭар" аҟны акарантин рахыжьра азҵаара иалацәажәан COVID-19 аҿагыларазы имҩаԥгаз Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҿы ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.

"Урыстәылантәи Аԥсныҟа иаауа ҳтәылауаа ҩы-мчыбжьа асасааирҭа "Аиҭар" аҟны акарантин рахыжьра азҵаара иалацәажәан COVID-19 аҿагыларазы имҩаԥгаз Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҿы. Уаанӡа шамахамзар ҳтәылауаа рыҩныҟақәа рахь ицозар, уажәы хымԥада асасааирҭаҿы 14 мшы рыҟазаара ахәҭаны иҳаԥхьаӡоит", - лҳәеит лара.

Скорик иазгәалҭеит арҭ ауснагӡатәқәа амчра шроуа мшаԥы 18 инаркны. Уажәы асасааирҭаҿы иҟоуп ҩыџьа. Урҭ рхала аҳәара ҟарҵеит уахь инашьҭызарц, избанзар аҩны ахыԥхьакра шырзалмыршо рҳәеит.

Гагреи Гали араионқәа рҿы акоменданттә сааҭ аԥыххоит мшаԥы 21 инаркны

Акоординациатә штаб акоординатор Рауль Лолуа иазгәеиҭеит арҭ ауснагӡатәқәа рахь ишаҵанамкуа уаанӡеиԥш аҳәаанырцә тәылақәа рҟынтә иаауа адипломатцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи арратә база аруаа, жәларбжьаратәи аидарақәа мҩанызго автотранспорт аныҟәцаҩцәа.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит галтәи "Акультура аҩнаҿы" акарантин шырхырго хҩык галаа. Мшаԥы 13 рзы уахь днаган Калугантәи иааз ауаҩгьы.

Арҭ рҩызцәа ауснагӡатәқәа ралагалара хацыркуп ауаа рхала аҽыԥхьакратә режим ақәныҟәара ахьрылымшо азы.

Аԥсны иахьаҵанакуа 400 ҭыԥ рхианы иҟоуп атәылахь иалало ауаа уа акарантин рхыргаразы.

Мшаԥы 8 раахыс Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа аркуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: