Арадио

Агрԥҳа лаб Азиз изкны: Аиааира Ду ааигәахо ианалагалак ҳахәрақәа ҿыц еиҭахтуеит

Аибашьҩы Азиз Агрба иҭоурых арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит иԥҳа Леила, лара ԥшьышықәса лхыҵуан лаб аибашьрахь данцоз.
Sputnik

Аладатәи Ешыра инхоз Азиз Агрба Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан хабарада ибжьаӡыз ҳәа дыԥхьаӡоуп. Иара иԥсыжырҭа еилкаахеит 2015 шықәса рзы апроект "Ахьӡ архынҳәра" инанагӡо аусура иабзоураны.

Агрԥҳа лаб Азиз изкны: Аиааира Ду ааигәахо ианалагалак ҳахәрақәа ҿыц еиҭахтуеит

"Саб амчратә усбарҭақәа рҿы аус ахьиуаз аҟнытә аибашьра дымцар ҟалон, аха иара имуит. Ҩыџьа ахшара ҳаҟан, сареи сашьеиҵбеи, сан лцәа лтәымызт, саб аибашьар данцоз. Иара Воронеж деибашьуан дытҟәаны даныргоз, аибашьраан хабарда ибжьаӡыз ҳәа дыԥхьаӡан. Сара саныҩеидас саб иԥшаара салагеит, аха акгьы сылымшеит. 2015 шықәса рзы саб иԥсыжырҭа аԥшаара алыршахеит, уи зыбзоурахазгьы Григори Скворцов иоуп. Иара аибашьра ацәаҳәа аҟынтә шәҟәы заҵәык аашьҭра дахьӡеит, аха ашәҟәы еиқәымхеит. Ҳара ҳхәыҷқәамзи, иԥаҳжәеит, убри аҟнытә дызлаз аполкгьы ҳаздырӡомызт. Иԥсышьахаз ҳәа иаҳдыруа, дахьыҟаз аконцлагер аҿы акрырҿарҵомызт, рхы ахьыҵаркуаз ҳәагьы акгьы рымамызт, адәы ишықәгылаз амла иакны иԥсит. Иара анышә дамадоуп Миллерова ақалақь аҿы азеиԥш ԥсыжырҭаҿы", - ҳәа еиҭалҳәеит Агрԥҳа.

Леила лажәақәа рыла, лаб хабарда дшыбжьаӡыз азы ашәҟәы зауаз лаб иашьа иоуп, уи лан илаимҳәаӡазт аҟнытә, аибашьра ашьҭахьгьы дыԥшын, агәыӷра лыман дхынҳәны даауеит ҳәа. Уи агәыӷра ҳаргьы иҳаман ҳәа азгәалҭеит Леила Агрԥҳа аиҿцәажәараҿы.

Азиз Агрба изку аҭоурых иаҳа инарҭбааны шәаӡырзырҩыр шәылшоит аудио аҿы, мамзарагьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: