Урыстәылатәи аруаа 15 обиект рырзҩыдара мҩаԥыргеит

Амшынеиқәатә флот арратә ҟазауаа акоронавирус аламырҵәаразы ацхыраара ҟарҵарц Аԥсныҟа иааԥхьан мшаԥы 18 рзы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 22 - Sputnik. Урыстәыла Амшынеиқәатә флот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭа аҟынтәи Аԥсны акоронавирус аламырҵәаразы 15 обиект рырзҩыдара мҩаԥыргеит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит атәылахьчара аминистрраҿы.

Аусурақәа ирылаган Атәылахьчара аминистрра агоспиталь хада аҟынтәи, нас Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахыбраҿы, ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рыцқьан. Зынӡа аус рыдулоуп 60 нызқь метр ԥшьыркца.

Урыстәылатәи аруааи аԥснытәи арзҩыдаҩцәеи аобиектқәа рыӡәӡәара еицалагоит

Ахархәара рыҭан 13 автомашьына, аеразольтә рзҩыдара амобилтә комплексқәа АРС-14М, ареактив рныҟәага зықәгылоу амашьынақәа ТМС-65У.

Мшаԥы 23 рзы ауснагӡатәқәа мҩаԥгахоит Гәылрыԥшь араион аџьармыкьеи, ахәышәтәырҭеи, ахадара ахыбреи рҟны.

Аԥшьашаҽны – Агәӡера ахадара ахыбра, аџьармыкьа, араионтә хәышәтәырҭа аус рыдырулоит.

Урыстәыла Аԥсныҟа аҟазауаа аанашьҭит аԥыза-министр Валери Бганба Михаил Мишустин иахь мшаԥы 13 рзы иҟаиҵаз аҳәара аҭакс.

Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура аҳәамҭа ҟанаҵеит атехника ҷыда ареспубликахь ишаашьҭу атәылақәа рыҩба ртәылахьчаратә усбарҭақәа рыбжьара аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Иаашьҭу автомашьынақәа ирылахәуп аеразольтә рзҩыдара амобилтә комплексқәа АРС-14М, ареактив рныҟәага зықәгылоу амашьынақәа ТМС-65У.

Атехникеи аҟазауааи Гәдоуҭа иҟоу Урыстәылатәи арратә базаҿ итәеит. Арзҩыдаратә усурақәа рышьҭахь автомашьынақәеи аруааи иҷыдоу арыцқьара иахрыжьуеит.

Аԥсны акоронавирус аҿагылара иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>